Аҟәа ақалақь зегь аҿы аӡы ҟалаӡом аԥшьаша жәабран 11 рзы

CC0 / / Водопроводный кран
Водопроводный кран - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа ахәҭақәа зегьы рҿы аӡрыжәтә аанкылахоит аӡымҩангага ҿыц аԥыршьраны иахьыҟоу азы.

АҞӘА, жәабран 10 - Sputnik. Аҟәа ақалақь аҿы аӡрыжәтә ааныркылоит жәабран 10 асааҭ 22:00 инаркны аԥшьаша жәабран 11 амш зегьы иалагӡаны. Абри атәы аарыцҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит аҟны.

Иазгәаҭоуп аӡрыжәтә шаанкылахо ақалақь ахәҭақәа зегь рҟны, уи зыдҳәалоу аӡымҩангага ҿыц аҿаркраны иахьыҟоу ауп.

Аҟәа ақалақь ахадара Анхарҭа-коммуналтә нхамҩа адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Руслан Аҩӡба адырра ҟаиҵеит аусурақәа жәабран 11 рзы ишрылаго, урҭ уи амш иалагӡаны ихдыркәшарц ргәы ишҭоу.

Аусурақәа мҩаԥыргоит абарҭ амҩеихысырҭақәа рҟны: Абазақәа рымҩа - Коӷониа имҩа, Абазақәа рымҩа - Маҷавариани имҩа, Џьонуа имҩа - Аиааира апроспект, Џьонуа имҩа - Бубнова лымҩа.

АУН "Аӡыканал" аҭамзаара шьҭанаҵоит аамҭалатәи ауадаҩрақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0