Гагра араион аҿы хаз иго антиковидтә уснагӡатәқәак алагалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдминистрация гагры
Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Анапаҵаҩра
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацырҵоит Аԥсны ахада иусдҵала.

АҞӘА, жәабран 12 - Sputnik. Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь "Гагра араион ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы хаз иго уснагӡатәқәак рымҩаԥгаразы" ҳәа аусдҵа инапы аҵеиҩит ҳәа аанацҳауеит араион ахадара апресс-маҵзура.

Антиковидтә уснагӡатәқәа ҳәа ахада идикылаз инарықәыршәаны ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәа русура хацыркхоит жәабран 15 инаркны, Гагра араион аҿы хәажәкыра 1 инаркны.

Измеряют температуру  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.02.2021
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа хәажәкыра 10 рҟынӡа ирыцырҵеит

Гагра араион ахада и.н. иусдҵала араионтә џьармыкьа аусура уаанӡатәи аграфик ала имҩаԥыслоит. Хәажәкыра 10 рҟынӡа мчыбжьык ахь хымш: аҩаша, аԥшьаша, асабша аус аулоит.

Араион ахада асанитартә маҵзура анапы ианиҵеит аҭирҭа ҭыԥқәа рырзҩыдара ахылаԥшреи аҭиҩцәеи аҭааҩцәеи ахыхьчагақәа рымазаара ахылаԥшреи.

Жәабран 15 инаркны азеиԥшкрыфарҭатә обиектқәа адәаҿы русура хацдыркыр рылшоит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, амаҵуратә персонал ахыхьчагақәа рыманы.

Жәабран 22 инаркны акаҳуажәырҭақәеи ақьафурҭақәеи уаанӡатәи ррежим иазыхынҳәуеит асоциалтә дистанциа (1,5 метра еиҵамкәа) иахылаԥшны, атәарҭаҭыԥқәа 50 процент аиҳа имырҭәыкәа.

2021 шықәса жәабран 15 инаркны азин ыҟоуп ахәыҷбаҳчақәеи алагарҭатә классқәеи (1-4 аклассқәа) русура алагара. Жәабран 22 инаркны аҵаратә процесс иалагар рылшоит 5-11 аклассқәа рҵаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0