Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сымсым Гәдоуҭа ақалақь иалоу арахә рзы: агәамсам ҭаԥсарҭақәа ирхагылоуп

© Foto / предоставлено Викторией НанбаФеликс Сымсым
Феликс Сымсым - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.02.2021
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Феликс Сымсым арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә азҵаара ӡбашьас иарҭаз, насгьы уи аус шеиҿкаахо атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сымсым Гәдоуҭа ақалақь хылаԥшрада иалоу арахә азҵааразы

"Ақалақь иалоу арахә даара ирацәаны аԥхасҭа ҳанаҭоит. Ҩынтәым-хынтәым ԥсыхәас иҟаҳамҵац акгьы ыҟам, аха уаҳа ӡбашьа ҳзамҭеит. Ақалақь аҿы акгьы ҳзеиҭаҳауам, арахә агәамсам ҭаԥсарҭақәа ирҭалоит, иаадырҳәуеит. Ақалақь аҿы арахә зааӡои, Лыхны ақыҭеи аҟнытә ауп арахә аԥхасҭа ҳазҭо. Уаанӡа иҭаҳкуан, аха мчыбжьык ҵыр арахә ашьапы ҵакәкәоит, икаҳауеит. Уи аҩыза агәнаҳа ҳаргьы иаҳҭахым, дара аԥшәмацәагьы иԥхашьаны аӡәгьы дашьҭалан дааӡом. Арахә аҩныҟа ианымаа, ҳара ашьхаҿы ҳаҟам, ақәыџьмақәа ирфаӡом, еилукаартә иҟоуп ҳара ишҭаҳкыз. Иҭаҳкыз мчыбжьык ашьҭахь иауҳашьҭуеит, ҳааҟәымҵӡакәа абри ҳаҿуп. Мчыбжьык аҿҳәара рымоуп аԥшәмацәа, анаҩс арахә амашьынақәа ирықәҵаны ақалақь иалган иганы ахкаарақәа рҿы иаанҳажьлоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Сымсым.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0