"Лирика" аконтрабандаз Аԥсны атәылауаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
Анапаҵаҩра
Азинеилагаҩ иқәырҵар ҟалоит 3-7 шықәса ихақәиҭра иалхәыдатәра миллионк ахараԥсеи, ма хәышықәса рыҩныҵҟатәи иулафахәы, ма хәышықәса рыҩныҵҟа иоуа аҽа хашәалак.

АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа дааныркылеит Аԥсны атәылауаҩ ареспубликахь "Лирика" аҭагалара зҽазызшәоз ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа апресс-маҵзура.

Ацәгьоуҩы даанкылан Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аушьҭырҭатә ҭыԥ данахысуаз ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы. Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа иара дангәарҭоз идырбалеит ззин ыҟам апрепарат "Лирика" (прегабалин).

Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә аусҭҵааратә ҟәша абри ахҭыс аганахь ала ашьаус хацнаркит  УА АЗ ахәҭаҷ 226.1 ахәҭа 1 инақәыршәаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0