Аслан Бжьаниеи Алхас Тхагушеви амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит

© Sputnik / Акоп Кущян Одна из улиц города Сухум
Одна из улиц города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Астатистикатә дыррақәа рыла Аԥсны амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны 2020 шықәсазы иҭахеит 57-ҩык, 2019 шықәсазы – 56-ҩык.

АҞӘА, жәабран 19 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Аинвацхыраара Ассоциациа ахантәаҩы Алхас Тхагушев.

"Ари ашықәс ҳара амҩаҿ ашәарҭадара атема иазаҳкыр ҳҭахуп. Ҳаиҿкаараҿы иааиԥмырҟьаӡакәа аусурақәа мҩаԥысуеит абри ахырхарҭала. Иԥсыз ртәы анаҳҳәо аахақәа змоу аваҳажьлоит. Ирацәаҩуп ҳцентр ахь инеиуа, ирацәаҩуп иинвалидны инхо", - ҳәа иҳәеит Тхагушев.

Иара иҳәеит ахада ишидигало апроблема аӡбаразы аидеиақәеи аконцепциеи.

"Цхыраара ҟазҵаша аидеиақәа ҳамоуп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

© Sputnik / Бадрак Авидзба Аслан Бжьаниеи Алхас Тхагушеви амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит
Аслан Бжьаниеи Алхас Тхагушеви амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Аслан Бжьаниеи Алхас Тхагушеви амҩақәа рҿы ашәарҭадара азҵаара иалацәажәеит

Хара имгакәа аусура иалагараны иҟоуп "амҩатә машәырқәа рыхсаала". Иара убас ииашаҵәҟьоу астатистика аҟамзаара – проблема дууп ҳәа иҳәоит Тхагушев.

Ахада иҳәеит ассоциациа аԥшьгамҭақәа зегьы адгылара шриҭо абри азҵаараҿы.

Архивное фото. - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.01.2021
Амҩаҿ амашәырқәа, аԥсыҭбарақәа: 2020 шықәсазтәи Аҳәынҭавтоинспекциа аусура аихшьаалақәа

Ахада иҳәеит астатистикатә дыррақәа рыла Аԥсны амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны 2020 шықәсазы иҭахеит 57-ҩык, 2019 шықәсазы – 56-ҩык ҳәа.

"2020 шықәса рзы аҳәаа аркын, ус анакәха аныҟәарақәагьы еиҵан, аха…", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Бжьаниа иара убасгьы иазгәеиҭеит азҵаара ӡбамзар шыҟамло, Москва аиҳабыра апрограмма "Ишәарҭадоу ақалақь" анагӡара ишадгыло.

Ахада иажәақәа рыла, Аԥсны ААР ашьаустә закәанеидкылеи административтә зинеилагарақәа рзы азакәанеидкылеи ирылагалахо ажәадгалақәа шазнархио.

"Атәыла мраҭашәаратәи ахәҭаҿы Аҳәынҭавтоинспекциа еиҳа еиҿкааны ишьақәыргылоуп, мрагыларатәи ахәҭаҿы макьаназ агхақәа рацәоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Бжьаниа.

Иара убасгьы иҳәеит амҩатә машәырқәа раан иҭахои ааха зауеи акыр еиҳауп ацәгьоурақәа ирыхҟьо раасҭа ҳәа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0