Аԥснынтәи Урыстәылаҟа 55 000 тонна ацитрусқәа нашьҭуп

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПродажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае
Продажа мандаринов на границе России и Абхазии в Краснодарском крае - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ацитрусқәа рекспорт иалагеит жьҭаарамзазы, уахыки-ҽнаки рыла 1000 тонна рҟынӡа аҳәаа иахыргон.

АҞӘА, жәабран 19 – Sputnik. 2020 шықәса цәыббрамза инаркны иахьанӡа Урыстәылаҟа инагоуп 55 нызқьи 72 тонна ацитрусаалыҵ ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Аԥсны аҳазалхратә еилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа.

"2020 шықәса цәыббрамза инаркны иахьанӡа Урыстәылаҟа инагоуп 55 нызқьи 72 тонна ацитрус аалыҵ. 2019 шықәса иаҿурԥшуазар, 40 000 тонна рыла еиҳауп арҭ арбагақәа", - ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсны аҳазалхратә еилакы астатистика аҟәша аиҳабы Асида Кәыҵниаԥҳа лажәақәа рыла аекспорт аиҳарак ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥган. Бжьаратәла уахыки-ҽнаки рыла аҳәаа иахысуан 200 еидарамҩангага машьына, бжьаратәла аҳәаа иахыргон 1000 тонна.

Мимоза - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2021
15 тонна амимоза Аԥснынтәи Урыстәылаҟа иргахьеит жәабранмза иалагазар

"12 000 тонна ацитрусқәа ииаган ажьырныҳәамзазы. Иахьазы уахыки-ҽнаки рыла 70 тонна рҟынӡа ииаргоит. Асезон мҩасит", - ҳәа лҳәоит Асида Кәыҵниаԥҳа.

Лара иазгәалҭеит уажәы амашьынақәа риасразы проблема шыҟам.

"Урыстәыла аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи ҳаицәажәарақәа рышьҭахь ирыдыркылаз ауснагӡатәқәа аҳәаа ахысра акыр идырмариеит", - ҳәа лҳәеит лара.

Аԥсуа ҳазалхырҭаҟынтә аиагараан атауар аҳазатә хәыԥса 19 мааҭ ҳәа ишьақәыргылоуп, аҳазалхратә шәахтә уи ахәԥсаҟынтә 0,1 процент артәоит.

Аурыс ҳазалхырҭаҿы иалкаау хәыԥсак шьақәыргылам. Адекларациаҿы иарбоу акапан, атауар злаахәаз ахә рыла ишьақәдыргылоит. Уи адагьы НДС азы 10 процентк ахшәаатәуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0