Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агәы-Бедиа адгьылҳәазара аԥхасҭа знаҭаз: зегьы иреиӷьу аҩны ҳашьҭам, ҳакыртә еиԥш

© Foto / предоставила Марина Самсония Марина Самсония
Марина Самсония - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2021
Анапаҵаҩра
Агәы-Бедиа ақыҭа анхаҩы, адгьылҳәазара иахҟьаны зыҩны ааха зауз Марина Самсониаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аамҭала ҭаацәаныла хыҵакырҭас ирымоу, насгьы аҩны ҿыц аиура азҵаара ирызцәырнагаз ауадаҩра атәы.
Бедиа адгьылҳәазара аԥхасҭа знаҭаз: зегьы иреиӷьу аҩны ҳашьҭам, ҳакыртә еиԥш

"Ҳҭагылазаашьа даара иуадаҩуп, уи аҳәара иагьыцәгьоуп. Аамҭала агәылара ҳаҟоуп, ахәыҷқәа сҭаца лҭаацәарахь иҳашьҭит, агәылара зегьы ҳакыртә ҳаҟамызт,уи азы аҩны ҳашьҭоуп. Ирҭиуеит ҳәа иахьҳаҳауа ҳнеиуеит, аха рыхәқәа даара иҳаракуп. Сара зегьы иреиӷьу сашьҭаӡам, ҳара жәҩык ауаа ҳаҟоуп, ҳакыртә еиԥш, ҳазҭаӡаша ҩнык ҳашьҭоуп. Ақалақь ҳҭахым ҳара, ақыҭараҿы ҳаҟазароуп. Ҳарахә, ҳашәахә, џьара ԥсыхәак аманы ҳанхартә еиԥш. Ҳара тәанчахәык ҳауеит ҳәа егьырҭ зегьы аахәаны ахныҟәгара ҳцәыуадаҩуп. Макьана ҳзықәгәыӷуа ҳәа акгьы ыҟам. Аҳәынҭқарра ҳмыцхраар, аҩны злааҳхәо ҳәа акгьы ҳамаӡам. Аҩнқәа зҭииуагьы миллионки бжаки ҩ-миллионк ҳәа рҳәоит, дара ҳрыцҳара иахәаԥшӡом. Аҩны ахә ҳәа ахәынҭқарра аҟынтә макьана аԥара ҳмоуцт, аха ацхыраара шҳарҭо азы ҳақәдыргәыӷит", - еиҭалҳәеит Самсониаԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәызыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0