Иџьоушьаша ахьыӡқәа: ахатәы хьыӡқәа рышҽырԥсахуази рҵаки

© Sputnik / Эдишерашвили / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖенщина-долгожитель Хьфаф Ласурия (137 лет) из села Кутол в окружении правнуков.
Женщина-долгожитель Хьфаф Ласурия (137 лет) из села Кутол в окружении правнуков. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.02.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсуа жәлар рдырраҿы ахьыӡ иадырҳәалон амагиатә, асакралтә ҵакы, ахатәы хьыӡқәа рышҽырԥсахуаз атәы афольклорҭҵааҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҟны.

Ахьыӡ атрадициатә культура афеноменк аҳасабала иалкаау аҭыԥ амоуп. Жәлар рдырраҿы ахьыӡ иадырҳәалон амагиатә, асакралтә ҵакы. Ауаҩы ирҭоз ахьӡ иԥсҭазаара мҩақәнаҵон, иԥеиԥш, илахьынҵа иадырган, уимоу дызлоу ауаа рыбжьарагьы иааникыло аҭыԥ аанарԥшуан.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ахьыӡ аԥхьа иргыланы ианыԥшуеит ауаҩы дызтәу амилаҭ, убри алагьы ари амилаҭтә культура иадыргангьы иҟоуп, ажәлар ртрадициагьы иадырган, урҭ ирыдыркылон ииз ахәыҷы иԥсҭазаарагьы: Амра, Амза, Ахра, Мрамза, Алым, Алма, Башныхә, Абга, Бгалаџ, Мышә, Мшәагә, Шәарах, Шьханыҟәа уҳәа реиԥш иҟақәоу.

Дети радуются мыльным пузырям   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2021
"Ихәыҷымкәа идухахьада": ақәратә аамҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи

Уи инаваргыланы иҟоуп имаҷымкәа иџьоушьаша ахьыӡқәа, ахәыҷы даниз аамҭа, ма аҭыԥ, мамзаргьы хҭыск азырбо: Шьхацан, Шьаҳан, Соулаҳ, Нагә, Наҩеи, Ҟәараса, Сааҭ, убас иҵегьы.

Иазгәаҭатәуп иџьашьахәу ахьыӡқәа рыбжьара ишуԥыло аурыс ажәақәа рыла ишьақәгылоу ахьыӡқәа, урҭ хәыҷы хьӡны, мамзаргьы хьыӡшьараны ҳәа акәымкәа шәҟәылагьы иҭаҩу. Иаҳҳәап: Електричка, Солдаҭ, Маиор, Девочка, Духь, Дефицит, Танк, Детка уҳәа. Аиҳарак арҭ ахьыӡқәа аларҵәара анроуз Аԥсны Урыстәыла ианадлаз аамҭазы (1810 шықәсазы) акәын. Усҟан дара иҿыцны ицәырҵыз аԥсуаа рыԥсҭазаара иалалаз ажәақәахеит, аха ажәлар ркультураҿы арҭ ахьыӡқәа рацәак анарха рмоуӡеит. Амала иҳәатәуп атәым культура аԥсуаа ирылаҵәо ианалага, аурыс хьыӡқәагьы шьҭыркаауа ишалагаз аԥсуа шьҭыбжьқәа рахь ииаганы: Лиубчка, Владимир, Мышьа, Мушьни, Никәала, Роза, Лиудмила, Наҭела, Гьаргь убас егьырҭгьы.

Аԥсуаа рыхьӡшьара акультура аҽыԥсахрақәа шаланагалозгьы урҭ еснагь иацклаԥшуан ахьыӡ аҵакы, урҭ "ицәажәо ахьыӡқәа" ҳәа рзуҳәар ҟалоит: Хьыбла, Хьымца, Хьзан, Лаша, Гәаԥханашь, Ԥшӡа, Ҳаџьараҭ, Гәнаала, Наала, Шьрын. Арҭ ахьыӡқәа иаадырԥшуеит ауаҩы идыркыло аԥшӡареи, аҟәыӷареи, аӷәӷәареи.

Иҟоуп ахьыӡқәа ахьчаратә ҵакы змоу. Иаҳҳәап ахәыҷы кыр шықәса ниҵразы, агәабзиара имаразы, насыԥла иԥсҭазаара ҭәызарц абас еиԥш ахьӡқәа ирҭон: Мкан, Ашьҳангьери, Насыԥ, Гәырӷьа, Нага, Гәашьахан, Гәыранда. Иара убасгьы зыхьӡ нагаз ауаҩы, абри диеиԥшхандаз ҳәа ззырҳәоз ихьӡ анихырҵогьы маҷмызт.

Празднование одного из старейших праздников абхазов Ацуныҳәа в селе Дурипш - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.11.2018
Ахьыӡи - ахьӡыи: ахәыҷы ахьыӡ иҭара иадҳәалоу ақьабзқәа

Иалкаатәуп, аԥсуаа рытрадициаҿы, аӡәырҩы ажәларқәа рҿын еиԥш, ахьӡ ахаҭа ауаҩы дзыхьчаша акакәны ишыԥхьаӡаз ала, уи ихьӡҵәҟьа шырымҳәоз, шамахамзар ахәыҷы ҩ-хьӡык иман: руак ахәыҷыхьӡы ҳәа иршьоз акәын еиҳарак ирҳәоз зегьы ианраҳауаз, егьи ихьӡҵәҟьа "ҵәахын". Ахәыҷыхьӡқәа ауаҩы иԥшра, исахьа, ма иҟазшьа аазырԥшуаз иреиуан: Кәымпыл, Шьынка, Лаџ, Гач, Гәыгә, Гәагәа, Бырфынка, Ҵыс, Ата, Кьынтыр, Кәата уҳәа.

Иахьа ҳхаҿы иаҳзаамго ахьыӡқәа, абри аҩыза ахәыҷы ишԥаихьӡырҵоз ҳәа иреиуоу: Цәыцә, Ҟыцә, Хыгә, Дыгә, Насыԥда, Хыгәда, Гәдым, Қәабзач, Ҟәдинаҭ, Лакҩак, Мды, Каимеҭ, Хырзаман, Гәаҭеи, Ҷынҷа уҳәа реиԥш иҟақәоу ҵакыла ахыччаратә ҟазшьа аадырԥшуа иҟоуп, аха ас еиԥш иҟаз ахьыӡқәа ахәыҷы алаԥш цәгьа аҟынтәи еиҳа дрыхьчоит ҳәа иԥхьаӡан азоуп хьыӡшьарас изыҟарҵоз.

Ҳаамҭазы ахәыҷы ҩ-хьӡык изҭо маҷзаргьы иҟоуп ахәыҷыхьӡқәа, иркьаҿны иҳәоу, ма ирԥшқаны. Ҳәарада ас еиԥш азнеишьагьы ахәыҷы ихьчаратә ҵакы аныԥшуеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0