Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Блабба афымцаусзуҩцәа аҵарахьы иаадырԥшыз агәаҳәаразы: аԥышәа атеориа ацумҵар, иуадаҩуп

© Sputnik / Томас ТхайцукСаид Блабба
Саид Блабба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2021
Анапаҵаҩра
ААУ агро-нџьныртә факультет аенергетика акафедра арҵаҩы, "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ Саид Блабба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аенергетик изанааҭ азҿлымҳара ахьынӡамоу, аҿар уи иацу аҭакԥхықәра шеилыркаауа атәы.
Блабба афымцаусзуҩцәа аҵарахьы иаадырԥшыз агәаҳәаразы: аԥышәа атеориа ацумҵар, иуадаҩуп

Жәабран 22 инаркны хәажәкыра 5-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны латәарадатәи аҟәша "Афымцаенергетикеи афымцатехникеи" рхырхарҭала аҩбатәи азанааҭ аиуразы ашәҟәқәа рыдыркылоит. Ас еиԥш ажәалагала ҟарҵеит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгара.

"…Ҳусзуҩцәа рыбжьара иҟоуп раԥхьа ишьҭырхыз азанааҭ афымца аус адулара иадҳәалам. Аԥышәа шьҭыркааит, акыр аамҭа аус рухьеит, аха азҵаара цәырҵит атеориа аганахьалагьы. Аԥышәа акраҵанакует, аха атеориа ацумҵар ауадаҩрақәа амоуп ас еиԥш азанааҭ, уи удыруазароуп. Уи инамаданы аҷкәынцәа, аӡӷабцәа аус ҳацызуа исарҳәеит ацхыраара рысҭарц, аҩбатәи азанааҭ шьҭыркаарц азы. Ус еиԥш азҵаара цәырҵит ҩышықәсаҟа раԥхьа. Гәыԥк азхара ауаа ҳзеизымгеит усҟан, аҵаразы аԥара ахшәаарагьы злымшоз ыҟан. Ааигәа "Амшынеиқәафымцамч" ахада иасҳәеит ҳусзуҩцәа аҩбатәи азанааҭ роурц азы аҵара рҵар шырҭаху. Ахә уадаҩрас иҟарымҵааит, иҳаӡбоит аниҳәа, акафедра адекан иласҳәеит агәыԥ еизаҳгарц шаҳҭаху, амала латәарадатәи аҟәша, аусуреи аҵареи еиларыгӡарц",- иҳәеит Блабба.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0