Апарад аҳауатә хәҭа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит Москва

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРепетиция воздушной части парада Победы
Репетиция воздушной части парада Победы - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аҳауа-космостә мчқәа Ашҭа Ҟаԥшь иахыкны апарадтә еишьҭагыла мҩаԥыргеит. Аишьҭагыла иалахәын 23 вертолиот, 53 ҳаирплан.

АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Урыстәыла аҳауа-космостә мчқәа аверталиотқәеи аҳаирпланқәеи Аиааира амш азтәи ауснагӡатәқәа рҳәаа иҭагӡаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Абри атәы ааицҳауеит РИА Новости акорреспондент.

76 арратә ҳаиртә техника злахәыз авиациа апарадтә еишьҭагыла Ашҭа Ҟаԥшь иахыԥрааит. Аԥыррақәа мҩаԥысуан 180 - 550 метра аҩаӡараҿы, сааҭк ала 200 -550 километра аццакыра рыманы.

Раԥхьаӡа акәны сынтәа апарад аҳаиртә хәҭа аадыртуеит атранспорт верталиотқәа Ми-26, урҭ ирышьҭагылоуп авертолиотқәа Ми-8, Ми-35, Ка-52 аԥырратә гәыԥ "Беркуты" Ми-28Н рыла.

Аҽазыҟаҵарақәа хдыркәшеит аҳаирпланқәа МиГ-31К, Су-57, "Русские витязи" (Су-30СМ), "Стрижи" (МиГ-29).

Традициа ҳасабла аҵыхәан игылан ажәыларатә ҳаирпланқәа Су-25.

РИА Новости адыррақәа рыла аҽазыҟаҵара хада мҩаԥгахоит лаҵара 7 рзы.

Лаҵара 9 рзы апарад иалахәхоит 12 000-ҩык руаа, 190 ак арратә техника.

Ажәабжьқәа зегьы
0