Мгәыӡырхәатәи ашкол акарантин ашьҭахь иаадыртуеит

© Sputnik / Виталий Аньков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах
В Приморье возобновили обучение детей в малокомплектных школах - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.05.2021
Анапаҵаҩра
Мгәыӡырхәатәи азеиԥшҵараиурҭатә школ мшаԥы 19 рзы иаркын арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи акоронавирус ахьрыдбалаз иахҟьаны.

АҞӘА, лаҵара 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Мгәыӡырхәатәи ашкол акарантин ашьҭахь иаадыртуеит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Светлана Аирԥҳа.

"Ичмазаҩыз ахәыҷқәеи арҵаҩцәеи ртестқәа цқьоуп, аха ҳара ашәарҭара ҳҽацәыхьаҳчарц азы даҽа мчыбжьык ахыԥхьакра рымазарц ҳаӡбеит. Ашкол аҿы аҵаратә процесс иалагоит ахԥатәии аԥшьбатәии аклассқәа рҿы ада. Уа арҵаҩцәа рҭаацәара рҟынтә иҟоуп ичмазаҩу", - лҳәеит лара.

Аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо лажәақәа рыла, Гәдоуҭа араион аҵаратә усҳәарҭақәа рҟны лаҵара 5 рзтәи адыррақәа рыла акоронавирус рымоуп ааҩык аҵаҩцәеи ҩыџьа арҵаҩцәеи.

Араион ашколқәа зегьы аҵара рҵоит актәи ашкол 6 акласси аҩбатәи ашкол 10 акласси рыда. Иара убасгьы акоронавирус рымоуп афонҿыцтәи ашкол аҵаҩцәа ԥшьҩыки арҵаҩцәа ҩыџьеи, аха ашкол аҿы аҵара апроцесс мҩаԥысуеит.

"Аамҭа аагеит, аҭагылазаашьа ҳашьклаԥшит. Ашкол аҿы аҵаратә процесс еиԥаҳамҟьарц ҳаӡбеит", - лҳәеит лара.

Мгәыӡырхәа ақыҭа ахада Беслан Агрба Sputnik иазеиҭеиҳәеит COVID-19 змоу рацәаҩхеит ҳәа.

В школах Забайкалья прекращены занятия после выявления в регионе коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2021
Гәдоуҭатәи араион ашколқәа руак аҟны COVID-19 иахырҟьаны акарантин рылаҳәоуп

Агрба иазгәеиҭеит акоронавирус змоу ақыҭауаа рхыԥхьаӡара иазҳаит алхрақәа рышьҭахь ҳәа.

"Иныҭкааны ахыԥхьаӡара сызшәаҳәом, аха ауаа еиҳа ичмазцәахеит. Акомиссиа иалахәыз ҳашкол арҵаҩцәа агәҽанызаара шрымазгьы, аҿкыра шьҭызкааз ыҟоуп. Иҟан зҭагылазаашьа уадаҩыз, аха уажәы аӡәгьы дшәарҭам. Анцәа иџьшьаны, ԥсыҭбара ыҟам", - иҳәеит ақыҭа ахада.

Гәдоуҭа араион асанитар-епидемиологиатә маҵзура аиҳабы Инга Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, араион егьырҭ ақыҭақәа ирҿырԥшны Мгәыӡырхәа ақыҭан ичмазцәоу рацәаҩуп.

Ҷанԥҳа лажәақәа рыла, атәылаҿы алхрақәа рышьҭахь ачымазара ахы шьҭнахит избанзар аҽыхьчаратә уснагӡатәқәа иахьынӡахәҭаз еиҿкаамызт.

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 14702-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 13660-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 222-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0