Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуеи Бганбеи амшынҭаларатә сезон азы аҟәара азыҟаҵара иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа зышәагаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуеи, Гагра араион атуризм аҟәша аиҳабы Ахра Бганбеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит атәыла аплиажқәа амшынҭаларатә сезон аартра рыҽшазыҟарҵаз атәы.
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Сабуеи Бганбеи амшынҭаларатә сезон азы аҟәара азыҟаҵара иазкны

Аԥсны амшынҭаларатә сезон аатуеит рашәарамза 5 рзы, ихыркәшахоит- жьҭаарамзазы.

Сабуа еиҭеиҳәеит аплиаж қьырала зхахьы изго изықәныҟараны иҟоу аԥҟарақәа, насгьы хәыда-ԥсада аԥсеиқәырхаҩцәа разыҟаҵара рхахьы ишырго, амала дара еиқәыршәазароуп аԥсеиқәырхагатә маругақәа рыла, урҭ аплиаж ахархәарахь изгаз иаархәароуп. Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра иаҵанакуа зышәага маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭинспекциа штатла иамоу аԥсеиқәырхаҩцәа азхаӡом атәыла аплиажқәа зегьы реиқәыршәараз, урҭ хәҩык заҵәык роуп иҟоу ҳәа азгәеиҭеит Сабуа.

Гагра араион атуризм аҟәша аиҳабы Ахра Бганба иҳәеит араион аҿы ишаԥҵоу аиҿкаара ҷыда, аҟәара иахылаԥшуа, дара роуп қьырала аҟәара згар зҭаху ирызҭогьы, урҭ ирыбжьарҵоит аиқәшаҳаҭра, уаҟа иарбоуп аԥҟарақәа аплиаж аиҳабацәа зықәныҟәар ахәҭоу, иҳәеит иара.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0