Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Воуԥҳа аҿартә политиказы: исҭахуп ақыҭахәыҷқәа ҳапроектқәа ирылахәхарц

© Sputnik / Марианна Кубрава Мадина Воуба
Мадина Воуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҿартә политика иахьа, уи аҵакы, аԥеиԥш рзы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит аҿари аспорти русқәа рзы аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ ҿыц Мадина Воуԥҳа.

 

Воуԥҳа аҿартә политиказы: исҭахуп ақыҭахәыҷқәа ҳапроектқәа ирылахәхарц

"Ҳкомитет аҿы иҳамоуп аҟәша аҿар аус рыдуларазы. Уа акадр ҿыц адԥхьаланы ҳусура арӷәӷәара ҳгәы иҭоуп. Уажәы иаарласны Аԥснынтә астудентцәа злахщу Иркутск афорум мҩаԥысран иҟоуп, уахь хәҩык аҿар ҳашьҭуеит, уаҟа дара идырҵахоит асоциалтә проектқәа рыҟаҵашьа, рҩышьа, анаҩс рхатә проектқәа реиҿкаараҿы хәарҭас ироуеит. Сара исҭахуп ақыҭаҿы изызҳауа аҿар аилак имҩаԥнаго апроектқәагьы рхы аладырхәырц. Игәасҭахьеит, ақалақь аҿы иҟоу аҿар иаҳа активра аадырԥшуеит. Уи азы араионқәа рҿы аилакқәеи ҳареи аус еицаҳаулароуп", - ҳәа лҳәеит Воуԥҳа.

 

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0