Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны

© Foto / Саида ЖибаСело Калдахуара, Турция
Село Калдахуара, Турция - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара шеиҿкаау атәы Sputnik ажурналист Саида Жьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит ақыҭа аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа.

Амҳаџьырра ашықәсқәа раан Аԥснынтәи ихырҵәаз ҳауаажәлар раӷьырак Ҭырқәтәылаҟа иахнагеит. Усҟан дара нхарҭас иалырхуа иалагеит рыԥсадгьыл аҿы ианыҟаз иахьынхоз ақыҭақәа ԥсабарала, шәаԥыџьаԥла иреиԥшыз. Убас тәарҭас ишьҭырхыз ҭыԥхеит Калдахәара ҳәа зыхьӡырҵаз ақыҭа. Уи иахьагьы иҟоуп, аԥсуа ҭаацәарақәа рхәышҭаарамца еиқәуп. Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара шеиҿкаау атәы Sputnik ажурналист Саида Жьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит ақыҭа аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ерџьаи Бичкәыриа уажәшьҭа ҩынтәны Калдахәара ақыҭа ахадас далырхуеит. Иара излеиҭеиҳәаз ала, Калдахәара Ҭаҳир иқыҭеи Кадыр иқыҭеи ҳәа аҽеиҩнашоит.

© Foto / Саида ЖибаҬырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа.
 Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа.

"Анкьа ҳабдуцәа ари аҭыԥ ахь иааргеит Ҭаҳир Лакрбеи Кадыр Иналиԥеи. Дара рыуаажәлар нхарҭас ирзалырхыз ақыҭа Калдахәара ҳәа ишьақәгылеит, аха уеизгьы жәытәла Ҭаҳир иқыҭеи Кадыр иқыҭеи ҳәа иҟаз аҭыԥхьыӡқәа нхеит, ҳаблала нырцәи-аарцәи ҳәа еиҩшоуп", - иҳәоит Калдахәара ақыҭа аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа.

Иахьазы Калдахәара 180 ҭӡы нхоит, урҭ рахьтә 170 гәараҭа аԥсыуаауп. Хыԥхьаӡарала иуҳәозар, еиԥмырҟьаӡакәа инхо хәыҷи дуи 800-ҩык ыҟоуп. Ақыҭа аиҳабы иажәақәа рыла, ирацәаҩуп ақалақь дуқәа рахь нхара ицазгьы.

Калдахәара инхо ауаажәлар аиҳарак ақыҭанхамҩа рнапы алакуп. Ирааӡоит арахә, аԥсаса, иаадрыхуеит аџьықәреи, ачарыц, аҟаб. Иҟоуп абизнес знапы алаку, ақыҭа анҭыҵ афабрикақәеи адәқьанқәеи змоу.

Ерџьаи Бичкәыриа иазгәеиҭеит аҳәынҭқар изымԥшкәа Калдахәараа рқыҭа ацхыраара шарҭо. Иаҳҳәап, Сҭампыл абатә фабрика змоу абизнесуаҩ Ведаҭ Ажьиба ахәыҷқәа рзы идгьыл аҿы ашьапылампылтә дәы иргылеит.

© Foto / Саида ЖибаСҭампыл абатә фабрика змоу абизнесуаҩ Ведаҭ Ажьиба ахәыҷқәа рзы иқыҭа Калдахәара иргылаз ашьапылампылтә дәы.
 Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Сҭампыл абатә фабрика змоу абизнесуаҩ Ведаҭ Ажьиба ахәыҷқәа рзы иқыҭа Калдахәара иргылаз ашьапылампылтә дәы.

Аишьцәа Ҷықьиԥацәа, Базаа, Гәынаа, Цәышаа ақыҭа аиҳабы ивагылоуп афымцатәи аӡымҩангагатәи цәаҳәақәа, амҩақәа уҳәа реиҭашьақәыргылараҿы. Апандемиа аамҭазы авагылара рырҭоит абыргцәа, фатәылеи, жәтәылеи, хәшәылеи еиқәдыршәоит.

"Афинанстә цхыраара аарԥшра зылшо рыдагьы иара ақыҭауаа зегьы гәыла исыдгылоуп, махәҿала исыцхраауеит", - инаҵишьит иара.

Ерџьаи Бичкәыриа Калдахәара инхо ажәлақәа иреиуоуп иҳәеит Арӡынаа, Базаа, Цәышаа, Бганаа, Цыгәаа, Бичкәыриаа, Араԥаа, Лакраа, Аргәынаа, Кәаӡаа, Оҭраа, Аҭрышаа, Ҳалуашьаа, Ҭохсуаа, Гәынаа, Ажьиаа, Озганаа, Чкокаа, Саӡаа, Папаа, Ҵыҵаа, Хәаҷаа, Аҩӡаа, Хышаа, Гәохәуаа, Уарданиаа, Аграа, Махариаа, Ҳәатышьаа, Наԥҳаа, Аиқәысаа, Занҭариаа, Зарданиаа, Кәрыбзаа, Хагәшьаа, Ҷыҷылаа, Аҭраа уҳәа.

"Ақыҭауаа ҳаҭырла ҳаизыҟоуп, ҳацәгьеи ҳабзиеи акоуп. Аҭаацәарақәа жәпакы аиуара рыбжьоуп. Агәылацәа еибагаӡом, егьырҭ аԥсуа қыҭақәа ирылҵыз рахь ауп иахьхьаԥшуа", - иажәа иациҵоит Ерџьаи Бичкәыриа.

Ақыҭаҟны аилабжьаратә ҵакы змоу аизарақәа мҩаԥыслоит. Егьараан ачарақәа рҿы арыцҳарақәа зхылҿиаауаз, кьарахәла ахысрақәа аҭыԥантәи абыргцәа ражәала иаанкылан. Араҟа иҟоуп аԥсуа Дернеқь, иара убри ахыбраҟноуп ақыҭа аиҳабгьы дахьтәоу.

© Foto / Саида ЖибаКалдахәара иҟоу Аԥсуа дернеқь.
 Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
Калдахәара иҟоу Аԥсуа дернеқь.

1992 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара даҭаахьан Владислав Арӡынбагьы. Уи амш иахьагьы аиҳабыратәи абиԥара рахьтә изгәаламшәо дыҟам.

"Амҩа хада аҟынтәи ақыҭа уахьналало уи аҽны ажәлар еизеит. Усҟантәи аамҭазы аиҭенаиаарақәа мариамызт, Аԥсны иҟоу ҳашьцәеи ҳареи ҳаибабарақәа ауадаҩрақәа рыцын. Убри аҟнытә Владислав Арӡынба даауеит ҳәа адырра аныҟала, Калдахәараа ракәым, Ҭырқәтәыла изаҳаз аԥсуаа ԥыҭҩык арахь иааит. Владислав Арӡынба иуаажәлар аниба, амашьына дҭыҵын, "сашьцәа срыцны сцоит" иҳәан, ихы-иҿы ихаччо, ауаа гәыдкыло шьапыла ақыҭа далсит. Ари амш иухашҭуа акы акәым, ҳгәаҵаҿы иԥхаӡа иҭоуп", - еиҭеиҳәоит Ерџьаи Бичкәыриа.

© Foto / Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара аиҳабы иархив аҟнытә1992 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара Владислав Арӡынба даҭааны даныҟаз
 Ахәышҭаарамца ахьеиқәу: Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара абзазара иазкны - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2021
1992 шықәсазы Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара Владислав Арӡынба даҭааны даныҟаз

Ерџьаи Бичкәыриа ихаҭа раԥхьаӡакәны Аԥсныҟа дааит 2015 шықәсазы, Адаԥазар ақалақь еиҿкааз акәашаратә ансамбль "Аԥсынра" аиҳабыра азызуаз дрыхәҭакны. Убасҟангьы игәаҵаҟны иҿыхеит ҵҩа змам агәыбылра. Уинахыс Ерџьаи лассы-лассы иџьынџьдгьыл даҭаауа далагеит.

Аԥсуа шьха қыҭа Есма- Ҳаным - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2017
Есма-Ҳаным ақыҭаҿы игылоу ачамҳаҵла амҳаџьырра аҭоурых иаҿахәҳәагоуп

"Раԥхьаӡа сыԥсадгьыл сшьапы анықәсыргыла, исҳәо сҿамшәо, сгәы хыҭхыҭуа саанхеит. Сабдуцәа рыдгьыл снапқәа ақәшауазҭгьы, игәыдыскылон, убриаҟара сцәаныррақәа ҿыхеит", - иҳәоит ҳџьынџьуаҩ.

Ҭырқәтәылатәи аԥсуа қыҭа Калдахәара аиҳабы Ерџьаи Бичкәыриа иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа, Владислав Арӡынба иеиԥш дырҭаартә алшара ҟалозар, уи насыԥны ишырԥхьаӡо.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0