Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә дукатцәа рзы аԥарашәара иацнаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, аӡбарҭа, апрокуратура, заанаҵтәи аусҭҵаара ма аилыргаратә усбарҭақәа ашьаусҭҵаараҿ хьчаҩцәас иқәдыргылоз мышктәи русура иахыршәаауан 170 мааҭ.

АҞӘА, лаҵара 27 - Sputnik. Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә дукатцәа рзы мышктәи русуразы аԥарашәара шьҭнахит 300 мааҭ рҟынӡа.

Аиустициа аминистр Анри Барцыц иажәақәа рыла, ашьаусеилыргара иалахәу адукат иџьа амш ахы-аҵыхәала иԥхьаӡоуп. Аԥарашәара мҩаԥысуеит арзаҳал ашьаҭала.

"Ҩымз инареиҳаны хьчаҩык иаҳасабала иқәгыло адукат иганахьала аԥарашәара мҩаԥысуеит мза-мзала", - ҳәа иҳәоит иара.

Ақәҵара азинмч аиуеит 2021 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Ажәабжьқәа зегьы
0