Аԥсны ашьхараҿ иӡыз атурист иҩызцәа иԥшаара иацырҵоит

© Sputnik / Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗима в Абхазии
Зима  в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аԥсны ашьхараҿ иӡыз атурист Владимир Улианов иҩызцәа иԥшаара иацырҵарц алаҳәара ҟарҵеит аволонтиорцәа реизгарази аԥареизгарази ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит акциа аиҿкааҩцәа ируаӡәку Улиана Елфимова.

Рицинский нацпарк  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.05.2021
Аԥсны ашьхараҿы иӡыз урыстәылатәи атурист дырзымԥшааӡеит

Лара ишылҳәо ала, лаҵара 28 азы Аԥсныҟа даауеит аԥышәа змоу аинструктор, альпинизм азы аспорт азҟаза Максим Вафин. Аԥшаара алагаразы жәаҩык рҟынӡа агидцәа, ашәарыцацәа злахәу акоманда еизгатәуп.

"Амаршрут азы ҩ-вариантк ыҟоуп. Актәи: АҟәаГЕС аҟынтәи Гәымсҭа иаваршәны аҩадаҟа ахалара, аҩбатәи: Владимир Улианов агәыԥ дрыланы дызлацоз. Аҭыԥ аҿы еилкаахоит иҟаҵатәу шыҟаҵатәу", - лҳәеит лара.

Елфимова илҳәеит Вафин иаара аламҭалаз Аԥсны АҶА ахь адырра шыҟаиҵо, аха аусбарҭа аҭак азыԥшыха шыҟам.

"Иҟаҳҵари? Ҳҿи-ҳнапи еиқәҵаны ҳтәарыма? Амаршрут аадыруеит. Ацхыраара ҳарҭозар, иҳарҭааит", - лҳәоит лара.

Ефимова лажәақәа рыла, аԥшааразы ихәарҭоуп шәачатәи аотриад аҟазауаа рыцхыраара. Дара адҵа роур, уи иазыхиоуп.

"Адҵа роурц азы Аԥсны АҶА аҟынтәи ацхыраараз азыҳәа ҟаҵазароуп. Макьаназы усеиԥш аҳәара ҟаҵам", - лҳәеит лара.

Улианов дызлахәыз атуристцәа рыклуб "Азимут" адиректор Витали Харченко иԥхьаӡоит атурист макьанагь дуԥшаар ҟалоит ҳәа. Иара иинформациала, шәачатәи аԥшааратә отриад аоперациа аҽалархәразы Аԥсны АҶА азин иазыԥшуп.

Аԥсны АҶА аԥшаара-еиқәырхаратә отриад лаҵара 22 рзы ихнаркәшеит лаҵара 12 раахыс иӡны иҟоу урыстәылатәи атурист Владимир Улианов иԥшаара. АҶА аԥшааҩцәеи  аинструктор Анна Гилевои Владимир Улианов дыҟоуп ҳәа агәаанагара ахьыҟаз аҭыԥ аҟынӡа инеиит. Аиқәырхаратә  команда ашьхарантә аԥшаҳәахьы албаара амаршрут аус адырулеит.

Вертолет МЧС Абхазии производит облет территории  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.05.2021
Урыстәылатәи аиқәырхаҩцәа азыхиоуп Аԥсны аԥшааратә операциа рҽалархәра

Аиқәырхаратә отриад алахәыла Фат Смыр иажәақәа рыла, ахаҵа дымҩасит ҳәа агәаанагара ахьыҟаз ҭыԥк аҿы амцашьҭа рбеит.

"Иара ишьҭраҵәҟьоуп ҳәа ҳазҳәом. Аха уажәааны ашәарыцацәа уахь ихалаӡом. Аиҩхаахь дҭалазар, уахь иԥшаара уадаҩуп. Асы ԥсасиуеит, ишьҭақәа ықәнагоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны АҶА аинформациала, урыстәылатәи аҟазауаа аԥшаарақәа ирылахәхоит ҳәа аофициалтә информациа рымам.

"Аԥшаарақәа аволонтиорцәа ралахәра ҳақәшаҳаҭым. Амаршрут акыр иуадаҩуп, апрофессионалцәа алархәтәуп. Иарбаз амаршрут зегьы ҳахысит, уажәгьы аҵакыра ҳахаԥраауеит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.

Лаҵара 25 азы Аҟәатәи араионтә прокуратурахь Улианов иӡразы аматериал нашьҭын.

Аԥсны АҶА адыррақәа рыла, Владимир Улианов Аԥсныҟа дааит Екатеринбургынтәи.

АҶА излаҳәо ала, агәыԥ аинструктор Анна Гилева адырра рылҭеит асоура ӷәӷәеи акырцхи шрыхьӡаз, уи иахҟьаны рымҩа иацәыхҟьеит, изыхнымҳәӡеит рбаза ахьыҟаз алагерь ахь, уа дырзыԥшын Улиановгьы. Усҟан дара ирыӡбеит агаҿахь илбааны Аԥсны АҶА ацхыраара иаҳәарц.

Иӡыз ауаҩы иԥшааразы Аԥсны АҶА авертолиот халарҵар рҭахын, аха уи залмыршахеит аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Убри азы иӡбан шьапыла аиқәырхаҩцәа аҭыԥ ахь идәықәҵазарц. Атуристтә гәыԥ иалахәын Нижни Тагил, Екатеринбург, Челиабинск, Санкт-Петербург рҟынтәи атуризм абзиабаҩцәа.

Атуристцәа егьырҭ ргәыԥ лаҵара 13 рзы Ачадараҟа инеит. Дара уа аангыларҭа рыман. Лаҵара 14 рзы дара ареспублика аанрыжьит.

Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан иажәақәа рыла атуристтә гәыԥ аминистррахь азыҳәа нанашьҭит рмаршрут азы. Ашәҟәы ианҭаргала ашьҭахь амҩа иқәлеит. Иара иҳәеит иалхыз амаршрут шыуадаҩу, уи адагьы лаҵара 9 рзы арҭ аҭыԥқәа рҿы асы шлеиз.

Ажәабжьқәа зегьы
0