Владимир Путин Хьыбла Гьерзмааԥҳа Урыстәыла Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит

© Sputnik / Михаил Климентьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВручение государственных премий и золотых медалей "Героя Труда РФ" президентом РФ В. Путиным в Кремле
Вручение государственных премий и золотых медалей Героя Труда РФ президентом РФ В. Путиным в Кремле - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Амш аҳаҭыр азы Кремльтәи ахан Ду аҿы имҩаԥысит 2020 шықәса рзы аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи, алитературеи аҟазареи, азинхьчаратәи агәыҳалалратәи усуреи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиақәа ранашьара ацеремониа.

АҞӘА, рашәара 12 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә премиа лнапы иаиркит аоператә шәаҳәаҩы, Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, Станиславскии Немировичи-Данченкои рыхьӡ зху Москватәи академиатә музыкатә театр асолистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа аурыси адунеитәи оператә ҟазара арҿиараҿы иҟалҵаз алагалазы.

"Сара сгәы аладууп атәыла ду - Урыстәыла жәлар рартистка ахьсакәу, сахьиз сыԥсадгьыл Аԥсны Аҳәынҭқарра жәлар рартистка ахьсакәу. Иахьа шәнапаҟынтәи Аҳәынҭқарратә премиа ахьсоуз иабзоураны еиҳагьы сгәацԥыҳәаны, сазгәыдуны смузыкатә мҩа иацысҵоит. Сара сзы акраҵанакуеит Урыстәыла амузыкатә традициақәа рыԥсы ахьҭоу, адунеитә культура ахьдырбеио", - ҳәа лҳәеит Гьерзмааԥҳа, Владимир Путин иахь лхы нарханы.

Аҳәынҭқарратә премиа - аҭҵаарадырреи акультуреи русзуҩцәа рылшамҭақәа ауаажәларреи аҳәынҭқарреи рҿаԥхьа иреиҳаӡоу разхаҵара иадыргоуп. Уи иреиҳаӡоу урыстәылатәи премиоуп, иара РСФСР и-Аҳәынҭпремианы иҟан, 1992 шықәса раахижьҭеи Урыстәылатәи Афедерациа и-Аҳәынҭқарратә премиахеит.

Аслан Бжания и Хибла Герзмава  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.06.2021
Аслан Бжьаниа Хьыбла Гьерзмааԥҳа иланаршьаз Урыстәылатәи аҳамҭа лыдиныҳәалеит

2020 шықәса рзы апремиа ҩынтә иацырҵеит, 10 миллион мааҭк иҟалеит.

Аоператә шәаҳәаҩы Хьыбла Гьерзмааԥҳа – адунеитә оператә сценаҟны инарылукааша шәаҳәаҩуп. Лара дықәгылахьеит адунеи иреиӷьӡоу аоператәи аконцерттәи сценақәа рҟны - Ла Скала, Ковент-Гарден, Метрополитен-опера, Бавартәии Римтәии атеатрқәа, Венатәи аопера асцена уҳәа рҟны. Аконцерттә программақәа лыманы адунеи атәылақәа жәпакы дырҭаахьеит.

Хьыбла Гьерзмааԥҳа – Урыстәылеи Аԥсни Жәлар рартистка, иланашьоуп аԥхьахәқәа "Триумф", "Casta Diva" аноминациа "Иреиӷьӡоу аоператә шәаҳәаҩы" аҟны, амилаҭтә театртә ԥхьахә "Ахьтәы сабрада" аноминациа "Иреиӷьӡоу аԥҳәыс лроль" аҟны, атеатртә ԥхьахә "Ахьы Орфеи" аноминациа "Иреиӷьӡоу ашәаҳәаҩ" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0