Амина Аншԥҳа атурнир WTA адебиуттә хәмарраҿы аиааира лгеит

© Sputnik / Марианна КубраваТеннисный корт
Теннисный корт   - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Анапаҵаҩра
Ушьҭантәи араунд аҿы Амина Аншԥҳа длындаҭлараны дыҟоуп 112-тәи адунеи аракетка ҳәа изышьҭоу Нуриеи Парризас-Диас – Испаниа.

АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Аԥснытәи аԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳа Польша, Гдыне ақалақь аҿы имҩаԥысуаз акатегориа WTA-250 иатәу атурнир актәи аикәшараҟны 135-тәи аномер змоу Франциа ахаҭарнак Армони Тан ҳәа аанацҳауеит Sports.ru.

Аиԥылара мҩаԥысуан ҩ-сааҭк, ихыркәшахеит 6:4, 6:2 ҳәа Амина Аншԥҳа лиааирала.

Амина Аншба - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2021
Амина Аншԥҳаи Анастасиа Детиуки аԥкьаҭасратә турнир аҟны аиааира ргеит

Амина Аншԥҳа 2013 шықәса рзы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа рыбжьара Европа дачемпионхеит, акыр жәларбжьаратәи атурнирқәа рҟны даиааихьеит Бельгиа, Германиа, Швеицариа, Узбекистан, Ҭырқәтәыла, Урыстәыла уҳәа имҩаԥысуаз рҟны. 2016 шықәса рзы 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара Европа дачемпионхеит.

Иара убасгьы раԥхьатәи аԥсуа спортсменка лакәхеит ақәыԥшцәа рыбжьара атурнирқәа "Большои Шлем": US Open (ЕАА), Roland Garros (Франциа), Wimbledon (Британиа Ду) ирылахәхаз. Иахьазы Амина Аншԥҳа дыхәмаруеит аҭыԥҳацәа еиҳабацәа ртурнирқәа рҟны.

2020 шықәса ԥхынҷкәынмзазы аԥсуа ԥкьаҭасҩы Жәларбжьаратәи аԥкьаҭасратә ассоциациа (ITF) атурнир аҟны аиааира лгеит. Уи лкариераҟны ахәбатәи иааира дууп.

Амина Аншԥҳа, 335-тәи аҭыԥ WTA ареитинг аҿы измоу, аԥқьаҭасра аҭоурых аҿы реиҳа зыноурылара дуу ахԥатәи ахәмарра мҩаԥылгеит. ITF W25 актәи аикәшараҿы, Кордоба. 2021 шықәса мшаԥымзазы Аԥсуа ԥқьаҭасыҩ Амина Аншԥҳаи чехиатәи аԥқьаҭасыҩ Панна Удвардии швецариатәи Клостерс имҩаԥысуаз атурнир ITF WTT аҿы аиааира еицыргеит.

Ҩыџьа-ҩыџьалатәи аԥкьаҭымпыл афиналтә хәмарраҟны Барбара Гатикеи–Чили, Ребека Переиреи – Бразилиа ириааит 6:3, 6:3 ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0