Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит

© SputnikПрезидент Абхазии Аслан Бжания посетил дипмиссию республики в Южной Осетии.
Президент Абхазии Аслан Бжания посетил дипмиссию республики в Южной Осетии. - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.08.2021
Анапаҵаҩра
Иахьа ихыркәшахоит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла хымштәи иҟазаара.
АҞӘА, нанҳәа 9 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны адипломатиатә миссиа даҭааит ҳәа аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.
Бжьаниа диԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмч нага змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Елбакиев. Дара алацәажәеит Аԥсны еибашьуаны иҭахаз Аахыҵ Уаԥстәыла атәылауаа рсиа аиҭахәаԥшра азҵаара.
Ацҳаражәҳәаҩ иҳәеит Адипмиссиа аҵакыраҿ традициа ҳасабла аԥсуа диаспора рԥылара шымҩаԥырго, Хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш шазгәарҭо, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира Амш ишаԥыло.
"Адҵа ҿыцқәа ҳашәҭозаргь, рынагӡара ҳазыхиоуп. Агәылеимабзиареи аиашьаратәии еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы аҿиара рыҳҭалоит", - ҳәа иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Елбакиев иазгәеиҭеит уи азы иахәҭаны иҟоу азинтә база, аҭагылазаашьақәа зегьы аԥҵаны ишыҟоу.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа Цхьынвал иаҭааны иҟоуп, 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Цхьынвал имҩаԥысит ҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа Бжьаниеи Бибилови реиԥылара
Бжьаниа дрылахәын 2008 шықәса нанҳәамзатәи ахҭысқәа ирызкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа
Бжьаниа: Аахыҵ Уаԥстәыла иҟалаз аибашьра Аԥсны ашәарҭара иҭанаргылар алшон
Ажәабжьқәа зегьы
0