Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Гәылрыԥшь араион аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵара иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукДмитрий Габлия
Дмитрий Габлия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.08.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшьтәи ашколқәа аҵарашықәс ҿыц рышҽазыҟарҵо атәы, насгьы апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс шеиҿкаахо еиҭеиҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Габлиа Гәылрыԥшь араион аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟарҵара иазкны
"Ашколқәа зегьы аҵарашықәс ҿыц аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп. Арҵаҩцәа уажәнатә еиԥылоит, аилацәажәарақәа мҩаԥыргоит. Изхьымӡаз ыҟоуп, изыхьӡазгьы ыҟоуп. Аҵара процесс шымҩаԥысра ҳәа еиуеиԥшым авариантқәа ҳрызхәыцуеит, аха иҳаздырӡом аус шцало, убри аан ҳгәыӷуеит ашколқәа рышәқәа аатып ҳәа", - еиҭеиҳәеит Габлиа.
Иара иазгәеиҭеит, онлаин аҵара араион аҿы усҟак алҵшәа шамаиузгьы, иарада ԥсыхәа ҟамлар, уи авариантгьы излауала рхы ишадырхәо.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0