COVID-19 аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа 2021 шықәса аҩнуҵҟа 248 миллион мааҭ рықәхарџьуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЗаседание опершатаба по защите от коронавируса
Заседание опершатаба по защите от коронавируса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 аԥырҟәҟәаразы ауснагӡатәқәа ирзырхоу аԥарақәа реиҳарак ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәаразы инырхуеит.
АҞӘА, нанҳәа 12 - Sputnik. 2021шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны нанҳәа 12 аҟынӡа акоронавирус ауаа рацәыхьчараз иақәхарџьуп 248 миллион мааҭ, иҳәеит Акоординациатә штаб аилатәараҿы аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Мобильный госпиталь Айтар  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.08.2021
Еилкаахеит урыстәылатәи амобилтә госпиталь ахьыҟало аҭыԥ
"Арҭ аԥарақәа Ареспубликатә биуџьети, Хазрет Совмени, адиаспореи, аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи рыцхыраареи ирылҵит", - иҳәеит иара.
78 миллион мааҭ ныхын ԥхынгәымзеи нанҳәа 12 мши рыҩныҵҟала.
"Иахьазы Афинансқәа рминистрра Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә иаиуа аҳәарақәа зегь ханарҭәаауеит амедусзуҩцәа рԥарашәарацҵа ада", - иҳәеит афинансқәа рминистр.
Аковид аԥырҟәҟәарзы амедусзуҩцәа рԥарашәарацҵа азҵаара акәзар, аус адыруылоит, хара имгакәа 11 миллион мааҭ рашәарамза атәы шәахоит.
Владимир Делба иҳәеит аиҳарак аԥарақәа шнырхуа ахәшәқәеи амедицинатә хархәагақәеи раахәаразы.
"248 миллион мааҭ рҟынтәи 102 миллион мааҭ абри ахықәкы иазырхоуп. 21 миллион рыхәала иаахәан 438 ҭоԥ "Артлегиа". Аҳәынҭқарра ишалшо ала зыхә дуу ахәшәқәа раахәара аҽазнашәоит. Иацы ахада анапынҵа ҟаиҵеит аҽа 150 ҭоԥ "Артлегиа" аахәазарц. Уи азы аԥара ыҟоуп", - иҳәеит иара.
Делба иажәақәа рыла 7 миллионк ақәхарџьын алаҵа "Спутник V" аахәара. 15,5 миллион рыхә аҵәыҵәри аахәан.
"55,5 миллион мааҭ ажьырныҳәа-лаҵара амзақәа рзтәи амедусзуҩцәа ирызшәан. Бжьаратәла ашәарақәа зауа рхыԥхьаӡара 578-ҩык ыҟоуп. Ашәарацҵақәа 3-56 нызқь инаӡоит", - иҳәеит аминистр.
Абиуџьет иалало ахатә лагалақәа рҟынтәи 60-65% акоронавирус аԥырҟәҟәара иазырхоуп, ҳәа азгәеиҭеит аминистр.
Ажәабжьқәа зегьы
0