АҶА: ақәаршҩы аӡхыҵрахь икылнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПоследствия затопления города Сухум
Последствия затопления города Сухум  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.08.2021
Анапаҵаҩра
Басла нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит. Турбаза араион аӡы аҵалеит: ахатәы ҩынқәеи адәқьанқәеи аӡы рыҩналеит.
АҞӘА, нанҳәа 16- Sputnik. Нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа аҭра иҭыҵит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
Аусбарҭа аусзуҩцәа  аӡы зҵалаз аҩнқәа рҟынтәи ауаа ахыргеит, анаҩс  амҩақәеи ашҭақәеи аӡы иаанагаз агәамсам аҟынтә рықәыӡәӡәаара иалагеит.
Аӡы анлеи ауаа рыҩнқәа ирхылеит.
Апресс-маҵзура адыррала ҭыԥқәак рҿы метраки бжаки аӡы шьҭыҵит.
Аӡы рнылт: Ҷанба, Шьеглова, Шотландиатәи, Ашәхәаҵаа, Аконфедератцәа, Ак. Марр, Беигәа амҩақәа, Аминистрцәа реилазаареи Аԥсны ААРи рыкәша-мыкәшеи.
Иааидкыланы аиқәырхаратә усбарҭа аусзуҩцәа 40-ҩыки атехника ҷыда 7 аки аус руан. Аҟәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иара убасгьы иадыԥхьалан Гәдоуҭа, Очамчыра, Агәӡера рҟынтәи аиқәырхаҩцәа.
Аҵыхәтәантәи аамҭа аҩнуҵҟала хынтәуп абри аҩыза аҭагылазаашьа ҟалоижьҭеи.
Ԥхынгәы 27 азы илеиз ақәаршҩы иахҟьаны аӡиасқәа хыҵит, ааигәа-сигәа инхоз рыҩнқәа ирыҵалеит, Аҟәеи Гәылрыԥшь араиони руааԥсыра ӡыда иҟан аӡыҭгагатә станциа ааха ахьаиуз азы.
Ԥхынгәы 4 азы иҟалаз аԥшатлакәи ақәаршҩи ареспублика араионқәа ааха ӷәӷәа рнаҭеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0