"Заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит": асаби икәабаразы аԥсуаа разгәаҭарақәак

CC0 / / Новорожденный ребенок с матерью
Новорожденный ребенок с матерью - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.08.2021
Анапаҵаҩра
Асаби икәабара ицәырнагаз аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Хымԥада, аҭаацәа рылоуп ахәыҷы иааӡара шалаго. Дарбанзаалак ауаҩы анык дылхылҵит, абык диԥоуп-диҵәҩаншьапуп. Иани иаби рџьабааи, рыԥхӡашеи дааӡамҭоуп.
Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik
Аҳәатәеиқәшәара, апатуеиқәҵара, аҿиара акәын аԥсуа ҭаацәара наџьнатә ҵаҵӷәыс-шьаҭас иазышьҭаз.
Дети радуются мыльным пузырям   - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.01.2021
"Ихәыҷымкәа идухахьада": ақәратә аамҭақәеи урҭ рыхьӡқәеи
Аԥҳәыс лзы зегьы ирыцкын анра, хадаратәла уи лоуп ахәыҷқәа зааӡо, ан лоуп ахәыҷы аԥсҭазаара иоуны адәы дызлақәлаз, иара дыӡҟны, адунеи аҿы акы изымдырӡо даныҟоу иԥсы злаҭоу.
"Ахшара имч есааира иацло, изҳауеит, дыҭәуеит, дыԥшӡахоит. Ан усҟан лыԥшӡара иагхоит, есааира лымч иаҵӡаауеит, заанаҵы дажәуеит, деилаҳауеит, избанзар уи лыԥшӡара, лҿара, лыԥсҭазаара иахыхны лыхшара илалҵоит", - абас еиԥш иҟоу ахшыҩҵак анацәа ирзикхьан ашәҟәыҩҩы Владимир Анқәаб.
Жәытәнатә аахыс ахәыҷы ииреи иеизҳареи аҭаацәа рзы аҭакԥхықәра ду зцу акоуп. Асаби дани инаркны шықәсык дырҭысаанӡа иеизҳашьа, игәабзиара гәцараркуан, иԥырхагахаша ҳәа ззырԥхьаӡоз ҟарҵомызт. Изықәныҟәоз аԥҟарақәа маҷмызт, убарҭ ируакын ахәыҷы икәабарагьы.
Новорожденный - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2020
Дыхьӡырҳәаганы Анцәа дҟаҵа: ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу згәаҭарақәак
Иаагозар, асаби шықәсык ихыҵаанӡа ашәахьеи даниз аҽни икәабара ҵасмызт. Аԥсуаа ажәаны ирҳәон, "ашәахьа иркәабаз асаби иеизҳара уадаҩхоит". Асаби дахьиз аҭаацәа ианрымшшьароугьы дыркәабомызт, иеизҳара ԥырхага амоурц азы.
Асаби дызмоу аҭаацәа ргәылара аԥсра ҟалазар, аԥсы дыржаанӡа икәабара ҵасмызт, избанзар убри аамҭазы асаби дукәабар икҿоу иԥсы аԥшқа ихьыԥшыр алшоит ҳәа азырыԥхьаӡон.
Агәылара аԥсра аныҟоу асаби дукәабар ауеит аигәылацәа рыҩнқәа аӡы, акәара рыбжьысуазар.
Асаби амра ҭашәаанӡа дыркәабон, амра анҭашәалак дыркәабазар, дызларкәабаз аӡы адәахьы икарҭәомызт ашара ҟалаанӡа. Ахәыҷы икәабага аӡы анкарҭәозгьы, ашырҳәа акәымкәа ашьшьыҳәа ҭыԥ ԥхьакырҭак аҟны ашьацра иныларҭәон. Ахәыҷы дызлакәабаз аӡы ашырҳәа икауҭәо уалагар, ицәа ҭынчхом, аҵәыуара ҵигоит, даназҳалак, ачҳара ицәмаҷхоит, аҵҟьара иқәашьхоит.
ахәыҷқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.03.2020
"Данеицәкьысуа изҳауеит": ан, ахшара, ахшараиура ирыдҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак
Ахәыҷы иани иаби ргәыбылра икразы, дызларкәабаз аӡала рҿы рыӡәӡәон. Убасгьы иҟоуп агәаанагара ахәыҷы даныхәыҷу заҟа дукәабо аҟара деизҳауеит ҳәа.
Жәаҳәарада, аԥшқа данукәабо ицәа ҟәымшәышә зымблыша аӡырҟәандаҿы дукәабароуп. Аԥхынра аҟыршоураха ахәыҷы даныркәабалак ашьҭахь аӡы хьшәашәагьы маҷк ихьдыршон, игәабзиара арӡрыжәразы.
Аԥхын ахәыҷы аԥхӡы ахьилҵуа аҟнытә еиҳа лассы-лассы дыркәабон. Ицәа-ижьы ҟәымшәышә еилышәшәарак адырбалазар, дызларкәабоз аӡы амыркаџьы (азгә. "череда") ӡаарыԥсалон, мамзаргьы амыркаџьы ҭырттаны ижәны иаҵыҵуаз аӡала дыркәабон. 
Погода - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.12.2020
"Ҳазхымԥо-ҳазҵымԥо": ахәыҷы изы иҵасым ҳәа ззырҳәо азгәаҭарақәа
Ахәыҷы даныркәабалак ашьҭахь, ан лыԥшқа иԥыџь хәыҷқәа ырбааӡаны акыраамҭа напыла еиқәлыртәон, дандухалак иԥшӡоу аформа аархәарц.
Ахәыҷы хьҭак илалазар, дыркәабомызт, ус мпахьшь хәыҷык аарбааӡаны дыдрыцқьон, аџьма шша рҭәаны ихьыршьуан. Амцашоура шьҭыҵзар, жәлар рмедицинахьтә ахархәара арҭон абжьеи, уи злыҵуа аҩоуп. Аҩы акыраамҭа ихтны иаанрыжьуан иҵәыҵәразы, убри аҩы ҵәыҵәы аԥсуаа абжьеи ҳәа иашьҭоуп. Ахәыҷқәа-адуцәа ҳәа неилых ҟамҵакәа рымцашоура аныҳаракхалак абжьеи инӡаашьны абааӡа зымцашоура халаз ишьапқәеи ихи иақәырҵоит, иҟәаҟәа иахьыршьуеит. Абааӡа бацыԥхьаӡа иԥсахлатәуп, нас амцашоура ланарҟәуеит ҳәа рыԥхьаӡон аԥсуаа.
Ажәабжьқәа зегьы
0