Еилкаахеит Урыстәыла аҵара зҵо аҳәаанырцәтәи астудентцәа лаҵас ирзыҟарҵар алшо

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВозобновление очного обучения в вузах
Возобновление очного обучения в вузах - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирыгәҭакуп аҳәаанырцә студентцәа иарбанызаалак алаҵа ззыҟаҵоу рыдкылара, уи зеиԥш политиказаауеит.
АҞӘА, нанҳәа 24 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭоу аҳәаанырцә студентцәа, амедицинатә ԥгаԥсазы аполис змоу Урыстәыла ашәҟәы иҭагалоу иарбанызаалак алаҵа ҟарҵар рылшоит, абри атәы аҩуеит РИА Новости УА аҭҵаарадырреи иреиҳаӡоу аҵареи рминистр Валери Фальков иажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Аполис ОМС змам астудентцәа "Спутник Лайт" рзыҟаҵахоит ҳәа иҳәеит аминистр.
"Аполис ОМС змоу астудентцәа зеиԥш ԥҟарала ашәҟәы иҭагалоу иарбанызаалак алаҵа ҟарҵар рылшоит. Егьырҭ –"Спутник Лайт", - иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иаппарат аиҳабы Дмитри Чернышенко Фальков иажәақәа еиҭаҳәо.
Фальков иажәақәа рыла, аминистрра аоперштаб аусура аиҿкаашьа аус аднауылоит. Аҳәаанырцәтәи астудентцәа Урыстәылаҟа рҵарахьы иаар рылшоит аҳаиреимадара аҟазаара иахьмырԥшыкәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0