Швеицариатәи ажурналист, амеценат Манфред Петрич Аԥсны иԥсҭазаара далҵит

© Sputnik / Бадри ЕсиаваМанфред Петрич демонстрирует свой костюм горнолыжника.
Манфред Петрич демонстрирует свой костюм горнолыжника. - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.08.2021
Анапаҵаҩра
Ажурналист, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ, аблогер Манфред Петрич Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит Швеицариантәи. Иԥсҭазаара далҵит 68 шықәса дшырҭагылаз.
АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Ажурналист, аполитикатә хҳәааҟаҵаҩ, аблогер Манфред Петрич иԥсҭазаара далҵит нанҳәа 23 рзы.
Facebook адаҟьақәа рҿы иҩызцәа ишырыҩуа ала, иара акраамҭатәи ичымазара ашьҭахь иԥсҭазаара далҵит.
Раԥхьаӡа акәны Петрич Аԥсны аӡбахә иаҳаит 2008 шықәса нанҳәа 8 азы, Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла ианақәла. Иара аинтерес икит ари атәылаҟны имҩаԥысуаз ахҭысқәа. 2009 шықәсазы Аԥсныҟа дааит. Анаҩс аамҭа-аамҭала арахь даалон.
Аамҭақәак рышьҭахь Аԥсныҟа нхара ҳәа диасит, Ешыра ақыҭан аҩны иргылеит. Игәҭакын аԥсуа ҭыԥҳа ԥҳәысс лгара.
Петрич Аԥсны инхара адагьы иблог аҿы иӡыригон. Аԥсны иара агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥигон – Аҩада Ешыра ашьапылампыл азы ахәыҷтәы команда алахәылацәа аформа рзааихәеит, ақыҭатә школ аҿы аԥенџьырқәа иԥсахит, аконцертқәа еиҿикаауан.
Аԥсны далацәажәо, Манфред Петрич иҳәон зегь реиҳа ихадоу - атәыла анапхгара рхы ахьдырхаша азы аплан рымазароуп, насгьы уи мҩақәызҵо дыҟазароуп ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0