Даҽа ҩыџьа згәабзиара шьақәзаргылаз амобилтә госпиталь аҟынтәи илрыҩааит

© Sputnik / Марианна Кубрава Мобильный госпиталь Минобороны России
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.08.2021
Анапаҵаҩра
Аҳақьымцәа уахгьы-ҽынгьы ршьапы иқәгыланы ачымазцәа рыдыркылоит, имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика.
АҞӘА, нанҳәа 27 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы игылоу, нанҳәа 26 рзы аковид зыхьуаны ишьҭоу ачымазцәа рахьынтәи ҩыџьа ргәабзиара шьақәыргыланы иоурыжьҭит. Абри атәы аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Мобильный госпиталь Минобороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.08.2021
Ҩаԥхьа ацхырааразы иааз: Урыстәылатәи амобилтә госпиталь зеиԥшроу
Ачымазцәа иахәҭаз ахәшәтәра иахысит. Аҩынтә раан алабораториатә ҭҵаарақәа ианархыс ашьҭахь, аҭакқәа роуит рчымазара ишалҵыз азы. Аҳақьымцәа ачымазарашьҭахьтәи абжьагарақәа рзыҟарҵеит.
Аԥсны араионқәа рҟынтә ачымазцәа зегьы арахь иааргоит ацхыраара ласы амашьынақәа рыла. Агоспиталь аҿы ашьҭаҵареи ахәшәтәреи рзы аӡбамҭа рыдыркылоит рынхарҭа ҭыԥ иаҵанакуа аҳақьым иақәшаҳаҭрала.
Аҳақьымцәа уахгьы-ҽынгьы ршьапы иқәгыланы ачымазцәа рыдыркылоит, имҩаԥыргоит ареспублика ақалақьтә лабараториақәа рҟынтәи инарго анализқәа ПЦР-диагностика. Анализқәа рҭакқәа зегьы шьҭахьҟа алабораториақәа рахь инарышьҭуеит атестҟаҵара арццакразы.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, акороначымазара зыхьуа ҳуааԥсыра рыцхырааразы, иара гылоуп Аҟәа асасаирҭа "Аиҭар" аҵакыраҿы. Нанҳәа 19 аҽны раԥхьатәи ачымазыҩцәа рыдыркылеит.
Агоспиталь аҿы еибыҭоуп адкылара-еилыргарҭа, асанитар-епидемиологиатә, агоспитальтә, аҿкытә ҟәшақәа иара убасгьы анестезиологиеи ареанимациеи рыҟәшақәа, алабораториа.
Амобилтә хырхарҭарацәалатәи агоспиталь аҟны ишьақәыргылоуп арԥҳақәа иԥсабаратәымкәа аҳауа рҭазырсуа аппаратқәа 11, апациентцәа интенсивла ргәаҭаразы амониторқәа, арентгенографиатә аппаратқәа, УЗИ аппаратқәа, ашьа анализҟаҵагақәа, ПЦР-лабораториақәа.
2020 шықәса жьҭаара 20 инаркны 2021 шықәса хәажәкыра 1 аҟынӡа Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭыз хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсны амедицинатә цхыраара ҟанаҵон.
Ажәабжьқәа зегьы
0