Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхамалиа ашьхаԥсҭазаара иазкны

© Foto / предоставил Алхас ЧхамалиаАлхас Чхамалиа
Алхас Чхамалиа - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Анапаҵаҩра
Иԥсыршьагоу аҭыԥқәа ираԥхьагылоуп ашьха. Ҳтәыла иаҳамҭоу ҳашьхақәа рыбжьара иҟоуп Гәыԥаа рышьха, ишԥахылеи уи ахьыӡ, иахьатәи аԥсшьара ҭыԥқәа ашьхараҿы иузаҿырԥшуама уаанӡатәиқәа, абри атәы арадио астудиаҿы еиҭеиҳәеит ааигәа ашьхарантә илбааз ажурналист Алхас Чхамалиа.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Чхамалыиа ашьхаԥсҭазаара иазкны
Алхас Чхамалиа арадио аефир аҿы иҳәеит раԥхьаӡатәи ашьха иныҟәара иара изы аартра шдууз. Лакәк иаҩызаханы иҿаԥхьа иаатыз асахьа, иахьа уажәраанӡагьы ихы-игәаҿы ишыҟоу. Ажурналист еиҭеиҳәеит Гәыԥаа рышьхахь уажәтәи ицара шыҟалаз, насгьы иҳәеит ахьчацәа рынхашьа рынҵышьа акәамаҵамаракәа ртәы.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0