Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Шулумба
Леонид Шулумба - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.09.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы Леонид Шәлымба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит абылтәы азы иҟоу аиԥҟьара русура ишанырыз, насгьы амҩақьыра ахәԥса ацҵара азҵаара шыӡбахо атәы.
Шәлымба Аҟәа атранспорт аусуразы: абылтәы ахә ацлара ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит
"Аҭагылазаашьа зеиԥшрахо дырны заанаҵы абылтәала ҳҽеиқәҳаршәеит, уи иалнаршеит апассаџьырцәа еиԥҟьарада рымҩанагара. Уи адагьы мызкы иҳазхаша абылтәы ҳаҭан "Аԥсныбылтәы" аҟынтә. Анаҩс, уажә иааргаз аҟынтә еиҭа шә-тоннак абылтәы ҳарҭеит.
Ҳҽеиқәыршәаны ҳаҟоуп. Егьырахь абылтәы ахә иахьацлаз ҳаргьы ҳусқәа арцәгьеит, иаҳҭаху амаругақәа рацәоуп, абылтәы нахыс, аха уажәшьҭа иҳауа зегьы абылтәы мацара ауп изызхо. Ацхыраара ҳмоур асааҭқәа ҳаркьаҿыр акәхоит. Уажәы асааҭ 6 инаркны 7 ахәылбыҽханӡа аус ауеит, Аҳабла ҿыц еиҳагьы инацны. Адотациақәа рацҵара азҵаара ӡбатәуп ақалақь ахадараҿы", - ҳәа иҳәеит Шәлымба.
Аҟәатәи атранспорттә наплакы аиҳабы иажәақәа рыла, ақалақь аҩныҵҟа амҩақьыра ахәԥса макьана иаҽеиҭанамкыцт, аха мчыбжьык, ҩымчыбжь рыҩныҵҟа атариф ҿыцқәа шьақәыргылахоит, ҳәа азгәеиҭеит Шәлымба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0