Ҟәланырхәатәи ақәԥаҩцәа қәыԥшқәа Ставрополь аицлабраҿы амедалқәа ранашьахеит

© Foto / Айнар МархолияБорцы из Куланырхуа взяли комплект медалей на соревнованиях
Борцы из Куланырхуа взяли комплект медалей на соревнованиях   - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.09.2021
Анапаҵаҩра
Зых иақәиҭу ақәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан Ставрополь, Урыстәыла арегионқәеи Аԥсни рҟынтәи 152-ҩык аспортсменцәа алахәны.
АҞӘА, цәыббра 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Ҟәланырхәатәи ақәԥаҩцәа қәыԥшцәа Ставрополь имҩаԥысуаз зых иақәиҭу ақәԥаразы аицлабраҿы амедалқәа хԥа раҭәашьахеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит азыҟаҵаҩ Аинар Мархолиа.
Боксерские перчатки  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Таитәи абокс азы гагратәи аспортсменкацәа Европа аиндаҭларахь ицоит
Ахьтәы медал игеит Омар Ҳашыг, 50 кьыла иҟаз рыбжьара, араӡны медал – Леон Малиа, 54 кьыла иҟаз рыбжьара, аџьаз медал иоуит Леон Агрба, 58 кьыла иҟаз рыбжьара.
Мархолиа иара убасгьы иҳәеит атурнир ишалахәыз 152-ҩык аспортсменцәа: Ставропольи Ставропольтәи атәылаҿацәи, Чечнеи, Ингушетиеи, Даӷьсҭани, Ҟабарда-Балкариеи, Нхыҵ Уаԥстәылеи рҟынтәи.
"Цәыббра анҵәамҭазы Шәача имҩаԥысуа жәларбжьаратәи атурнир алахәхара ҳагәҭакуп. Аха уа еиҳа еиҵыбцәоу ҳааӡамҭацәа роуп иқәгылараны иҟоу. Алҵшәа бзиақәа аазырԥшуа ҩыџьа аспортсменцәа қәыԥшцәа сымоуп", - ҳәа иҳәеит азыҟаҵаҩ.
Ставропольҟа рцареи уа рынхареи ахә ахыршәааит Гәдоуҭа абизнес маҷ ахаҭарнакцәа.
Нанҳәа алагамҭазы азыҟаҵаҩцәа Аинар Мархолиеи, Адам Цәеибеи, Џьон Партанаӡеи рааӡамҭацәа Алан Цыгәба, Леон Малиа, Леон Агрба Ставрополь имҩаԥысуаз аицлабраҿы раӡны медалки аџьаз медалқәа хԥеи ргеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0