Гагратәи араионтә хәышәтәырҭазы ареномобиль ҿыц аахәоуп

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота скорой помощи в Москве
Работа скорой помощи в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Анапаҵаҩра
Гагра анапхгара иазыԥхьагәарҭоит ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба раахәара. Руак Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа иаҭахоит, егьи аамҭала Гәдоуҭатәи аковидтә центр иаҭахоит.
АҞӘА, цәыббра 9- Sputnik. Гагратәи араионтә хәшәтәырҭазы ареномобиль ҿыц аахәоуп ҳәа адырра ҟанаҵеит Гагра ТВ.
Автомашьына Volkswagen хә-миллионки 800 нызқьмааҭ ҳәа иаахәоуп. Иара иахәҭоу амыругақәа зегь рыла еиқәыршәоуп.
Минздрав Абхазии получил две машины скорой помощи в дар от Чеченской Республики.  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2021
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраара ласы амашьынқәа ҩба аиуит Чечентәылантәи
Гагра анапхгара иара убасгьы иазԥхьагәарҭоит ацхыраара ласы амашьынақәа ҩба раахәара. Руак Гагратәи араионтә хәшәтәырҭа иаҭахоит, егьи аамҭала Гәдоуҭатәи аковидтә центр иаҭахоит.
Уаанӡа Гагратәи ахәшәтәырҭаз араион анапхгара иаархәеит арентген-аппарат 968 нызқьмааҭ ҳәа.
Гагра ахадара иара убасгьы аковидтә ҟәшазы 400 нызқь мааҭ рыхә аҵәыҵәритә баллонқәа аҿарҵеит, урҭ хара имгакәа ахәшәтәырҭахь иааргоит.
Уажәы аусурақәа ирҿуп аҵәыҵәри ишиашоу анашьҭра асистема аиҿкааразы. Аусурақәа миллион мааҭ рҟынӡа иаԥсахоит.
Ахәшәтәырҭа аҵакыраҿы атрубақәа ԥсахны акаҭран ықәҵоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0