Акапиталтә ргылара уаанӡатәи ахада иус аӡбарҭахь инашьҭуп

CC0 / / Заседание суда
Заседание суда - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Ашьаус хацыркуп Аԥсны азакәанԥҵара анагӡашьа ахылаԥшразы Апрокуратура хада Аусбарҭа аматериалқәа рышьаҭала.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. Аԥсны акапиталтә ргылара уаанӡатәи ахада Беслан Агрба, аилахәыра "Аԥсныргылара" уаанӡатәи адиректор Игор Казанба, УКС атехникатә хылаԥшра анџьныр Вахтанга Бигәаа, "Очамчыраргылара" уаанӡатәи ахада Иракли Кәыркәынаа рганахь ала аус нашьҭуп Очамчыра араионтә ӡбарҭахь. Абри атәы аҳәоит Апрокуратура хада асаит.
Здание генеральной прокуратуры - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2021
Аԥсны Апрокуратура хада Аҟәа иҟалаз аиҿахысразы ашьаус хацнаркит
 Дара ахара рыдырҵоит аԥара рацәала ирфеит рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны ҳәа.
Аусҭҵаара адыррақәа рыла ахара зхарарҵо рмаҵзуратә ҭагылазаашьа рхы иархәаны 2016 шықәса аахыс Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭаҿы аӡымҩангага ашьҭаҵараан аусурақәа рыдыркылазшәа ашәҟәқәа еиқәдырҽаҽеит.
Акт ԥаршеиқәа 9 миллионки 421 нызқьи 305 мааҭ рыхә инагӡамыз аусурақәа нагӡазшәа иадырбеит.
Амаҵзурауаа абри аамҭазы рнапы аҵарҩит инагӡаз аусурақәа рзы ашәҟәқәа, урҭ инарықәыршәаны 25миллиони 359 нызқьи 962 мааҭ "Аԥсныргылара" иахыԥхьаӡалан, 10 миллионки 514 нызқьи 874 мааҭ – "Очамчыраргылара".
14 миллиони 744 нызқьи 787 мааҭ рыхә атрубақәа нашьҭын.
"Очамчыраргылара" адиректор Кәыркәынаа Агрба, Казанба, Бигәаа алархәны иҟам анаплакҩы Рыжков В.Иу. иԥхьаӡарахь 2 миллионки 495 нызықь мааҭ неишьҭит, иҟам анаплакҩы Мальцев И.В. иԥхьаӡарахь миллионки 563 нызқьи 959 мааҭ неишьҭит.
Иҟамыз ИП иааидкыланы ирзынашьҭын аԥаратә ҳасаблеи атрубақәа рыхәԥсалеи 5 миллионки 190 нызықьи 864 мааҭ. Арҭ аԥарақәа дара ишырҭахыз рхы иадырхәеит.
Зыӡбахә ҳәоу ахаҿқәа ахара рхы иадырҵом. Аусеилыргара еизыргаз аматериалқәа  ианыԥшуеит ашаҳаҭцәа рҿахәы, аҟазауаа рылкаақәа, аԥкаанҵақәа иааидкыланы 30 том иҟоу ашьаустә материал.
Ажәабжьқәа зегьы
0