Анқәаб агәынамӡара ааирԥшит  алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы

© Sputnik / Алексей Майшев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 водителей и курьеров "Яндекс"
Вакцинация от COVID-19 водителей и курьеров Яндекс - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызықь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵара иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны араионқәа рҿы COVID-19 аҟынтәи алаҵаҟаҵара акыр ихьысҳауп иҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб.
"Алаҵа аиҳарак Аҟәа ахархәара амоуп. Избан абырсҟаамҭа алаҵа  маҷны изыҟаҵоу?", - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥыза-министр иҳәеит алаҵаҟаҵаразы еиҳа инарҭбааны аинформациа аҟаҵара шаҭаху.
"Алаҵаҟаҵара иалацәажәоит урыстәылатәи аканалқәа зегьы. Ҳтелехәаԥшрагьы алацәажәоит. Ҳарагьы иаабоит иҳаҳауеит. Мчыла аӡәгьы иаҳзизыҟаҵом. Алаҵа нҵәар, аҽа партиак аиура уадаҩхоит", - иҳәеит иара.
Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.09.2021
Ҩ-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ауааԥсыра "Спутник Лаит" алаҵа ҟарҵахьеит
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
 Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 доза агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0