Лыхнытәи аӡкәарҷҷа Аӡлагарӡы амшцәгьаан аԥхасҭа ӷәӷәа рнаҭеит анемец ҭаацәара

© Sputnik / Томас ТхайцукЗатопленный дом немца в селе Лыхны Гельмута Пробста
Затопленный дом немца в селе Лыхны Гельмута Пробста - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Нанҳәамзазы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Лыхны ақыҭан инхо Гельмут Пробст аԥырхага ду инаҭеит. Игәашә, аҩнытә ԥсаатә, аҩнымаҭәа аӡы иагеит.
Наала Гәымԥҳа, Sputnik.
Сынтәа Аԥсны амшцәгьақәа ирыхҟьаны ирацәоуп аԥхасҭа ӷәӷәа зауз анхарҭа ҭыԥқәа. Ауаа рыҩнқәа акыр ибжьнахит, рынхамҩатә маҭәахәқәа ирԥырхагахеит. Ари аҩыза амшцәгьа иҟанаҵаз ааха изацәымцеит Лыхны ақыҭан инхо анемец Гельмут Пробст иҭаацәарагьы.
Ааигәа иҟалаз амшцәгьа Гельмут изын хашҭра зқәым хҭысны изаанхоит. Иҩны азааигәара ииасуа аӡиас хәыҷы Аӡлагарӡы хыҵны ауаа ирыҵало акыр шықәса иҟамлацызт. Гельмут иажәақәа рыла, ари аҩыза амшцәгьа 60-шықәса раахыс имбацызт. "Иҟалақәахьеит амшцәгьа бааԥсқәа, 60 шықәса ҵуеит шьҭа абра сынхоишьҭеи, аха ари аҩыза сымбацызт. Аӡы убысҟак иӷьны иаауан агәашәқәа ҿнахит, саҳәшьаԥа инышәынҭра иаԥырхагахеит, аҩны иҩналеит", - иҳәоит даара игәы иаланы Гельмут. Еиҳарак игәы изырхьуа, аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз иаҳәшьаԥа Витали Неифельд иҳаҭгәын аԥхасҭа ахьаиуз ауп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАаха зауз Гельмуд иаҳәшьаԥа Витали Неифельд иҳаҭгәын
Затопленный дом немца в селе Лыхны Гельмута Пробста - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Ааха зауз Гельмуд иаҳәшьаԥа Витали Неифельд иҳаҭгәын
Амшцәгьа ауха Гельмут быжьқәак иаҳаит, аԥенџьыр аҟынтәи акы ибо иҟамызт, илашьцан алашарагь ыцәеит. Гельмут иԥшәмаԥҳәыс дычмазҩуп, лхы дзахәом. Аӡы рыҵало ианалага далганы дигарц далагеит. Иҟәаҟәа дықәҵаны иҿынеихеит, аха амшцәгьа иԥырхагахеит.
"Сыԥшәма лхы дзахәом, сара лымаҵ зуеит. Ауаҭах аӡы иҩналаз маҟаҿаҳәара инаӡеит. Азныказы сшәеит, сыԥшәма сыбӷа дықәҵаны сындәылҵит, аӡы газгазо ашҭа иқәын. Сымчқәа кәадахеит, дысзышьҭымхеит, скаҳаит", - ҳәа игәалаиршәоит Гельмут.
Имчқәа зегьы еизганы, иԥшәма ибӷа днықәҵаны Гельмут ауаҭах ахь дхынҳәит, аха аӡы иаҳа-иаҳа иацло ауаҭах арҭәра иаҿын. Ари збаз Гельмут еиликааит, уаҟа аангылара шшәарҭаз. Иӡбеит ииулак шьҭахьҟа дхынҳәырц. Ауҭрахь днеин ибжьы иргеит агәылацәа рахь. Изаҳаз ааигәа инхоз иҷкәын адырра ирҭеит, Гельмут иҷкәын даан ауха иара иахь игеит.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит
Затопленный дом немца в селе Лыхны Гельмута Пробста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Лыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит
Ашьыжь Гельмут аҩныҟа даныхынҳә, дшанхеит. Аӡы агәам рацәа аҩны иҩнанагалеит. Ааха аиуит ааигәа ирҿыцыз ауаҭах, иҳәарақәа акыи, акәтқәеи акәҷарақәеи аӡы иагеит, иара убас ибжьысит аӡәӡәага амашьына, афатә архьшәашәага.
Гельмут Пробст иԥсҭазаара аҟны акыр арыцҳарақәа дрыниахьеит. Аԥсныҟа нхара дааишьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иара ихатәы џьабаа мацарала инхара-инҵыра шьаҭанкыла еиҿикааит. Дызқәынхо адгьыл аҳәынҭқарра инаҭеит 1970-тәи ашықәсқәа рзын, ачаитә фабрикаҿ иреиӷьу аузсзуҩс ҳәа дахьыҟаз азы.
Нанҳәамзазы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны аԥхасҭа ӷәӷәа инхара иазааннажьеит. Иоуз аԥхасҭа азын ақыҭа ахадара иреимҳәеит, арзаҳал аҩра мап ацәикит, аха ақыҭа ахадара ирдыруеит Гельмут амшцәгьа изаанагаз арыцҳара атәы.
© Sputnik / Томас ТхайцукЛыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит
Затопленный дом немца в селе Лыхны Гельмута Пробста  - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Лыхны ақыҭан инхо анемец ҭаацәара амшцәгьа аԥхасҭа рнаҭеит
Еиҳараӡак анхаҩы игәы иалоу аҳаҭгәынқәа аԥхасҭа ироуз ауп. Гельмут иԥацәа руаӡәк машәырла дҭахеит, иахәшьаԥа Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьраан Гагра ахы ианақәиҭыртәуаз дҭахеит. Есышықәса Аԥсны аиаара амш аназгәарҭо аҳаҭгәын иаҭаауеит Витали ицеибашьуаз иҩызцәа. Гельмут ихьааигоит, ас аԥхасҭа шамоу иаҳәшьаԥа иҩызцәа ирбар ишԥхеишьо.
"Сгәы иалоуп аҳаҭгәынқәа аԥхасҭа ахьроуз. Ақыҭа ахадара ааит ирбеит, аха макьаана аӡәгьы ақәҿиҭуам. Агәыӷра сымоуп, маҷк схьаа иазхьаԥшып" - ҳәа дгәыӷуеит Гельмут.
Иара ихаҭа имч ақәхом уи арҽеира. Иқәрагьы маҷым, ичмазаҩу иԥшәмаԥҳәыс ихала дныҟәигоит. Иахьазын Гельмут игыу рацәоуп. Аӡыржәтә аӡиас аҟынтә иааигоит, ашҭаҿы ирымаӡам. Анхаҩы ас еиԥш иҟоу аԥсҭазаара даара ицәыцәгьоуп. Имчқәа рмаҷра иахҟьаны ауҭраҭых аарыхрагьы мап ацәикит. Ашьхымза имоуп ,иԥшәмеи иареи ирызхаша.
Немецкая семья Пробст из села Лыхны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.08.2020
Атәым жәҩан џьынџьны иззыҟалаз: Лыхны инхо анемец ҭаацәара рҭоурых
Гельмут Пробст диит Германиа, ақалақь Кведлинбург 1945 шықәсазы. Адунеи аҟны имҩаԥысуаз усҟантәи аполитика иахҟьаны Аԥсныҟа иқәнагалеит. Уи атәы игәаларшәо иара иҳәоит. "Сан лашьа идырралоуп Аԥсны аӡбахә ҳаҳаны ҳшааз. Уи анемец бызшәа арҵаҩыс аус иуан Ростов ақалақь аҟны. 1939 шықәсазы ахара идҵаны ддырӡырц ргәы иҭан НКВД аусзуҩцәа, аха аӡәы игәиҽанҵарала ииулак дыбналеит.
Аԥсныҟа дааит, араҟа Бақланка ашкол аҟны аусура далагеит, анаҩс диасит нхара Лыхны ақыҭахь. Лыхнытәи абжьаратә школ аҟны рҵаҩыс аусура далагеит. Иҳамаз зегьы ҭины ауп Аԥсныҟа ҳаара зыҟалаз. Ара ҳахьааиз нхара ҳалагеит Лыхны ақыҭан. Иаразнак афабрикахь ҳцеит ҭаацәала аусура", - ҳәа азгәеиҭоит Гельмут.
Гельмут араҟа аҭаацәара далалеит, ирҳаит аҩызцәа ақәлаҵәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0