Шакәрантәи аӡхыҽҽаҿы Башкортостантәи атурист дҭахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМЧС Абхазии
МЧС Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анапаҵаҩра
Арыцҳара ҟалеит цәыббра 9 аҽны. Уи азы АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит асааҭ 14:15 рзы.
АҞӘА, цәыббра 10 - Sputnik. 36 шықәса зхыҵуаз Ареспублика Башкортостан ақалақь Белобои аҟынтәи атурист Алексеи Ветров 40 метра иҟаз аҿҟьараҟынтә дкаҳан дҭахеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Арыцҳара ҟалеит Захаровка ақыҭа, Шакәырантәи аӡхыҽҽаҿы цәыббра 9 аҽны. АҶА аҷаԥшьаҩ иахь аҭел иасит асааҭ 14:15 рзы.
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа сакасала аԥсыбаҩ амҩа аҟынӡа инаргеит, уантәи Ареспубликатә хәшәтәырҭа аԥсышьҭаҵарҭахь иргеит.
Шакәрантәи аӡхыҽҽа Дал-Ҵабал иахьаҵанакуа иҟоуп. Зқьышықәсала аҳаԥы иҭаҵәахын. 125 шықәса раԥхьа, 1891 шықәсазы адгьылҵысра иахҟьаны аҳаԥы анеилаҳа аӡхыҽҽа цәырҵит.
30 метрантә икаҭәоит аӡхыҽҽы.
Ажәабжьқәа зегьы
0