СССР ажурналистцәа Реидгыла иалахәу аԥснытәи ажурналистцәа рсиа еиҭакуп

CC0 / / Мужчина делает записи в блокнот
Мужчина делает записи в блокнот - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
Анапаҵаҩра
Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2021 шықәсазтәи абиуџьет аиҿкаараан аԥараныхра амҩаԥгара азгәаҭара.
АҞӘА, цәыббра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара иаднакылеит ақәҵара 2017 шықәса рашәара 6 азтәи ақәҵара аԥсахрақәа алагаларазы.
Сотрудники Sputnik стали членами Союза журналистов Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Sputnik аусзуҩцәа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла иалахәылацәахеит
Ақәҵара иаҵанакуеит СССР ажурналистцәа Реидгыла иалахәу аԥснытәи ажурналистцәа.
Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа иҳәеит асиа еиҭакуп аилазаара иалахәылаз рҟынтә зыԥсҭазаара иалҵыз ахьыҟоу азы.
"Иҟоу асиа инақәыршәаны СССР ажурналистцәа Реидгыла иалахәу аԥснытәи ажурналистцәа реидгыла алахәылацәа социалтә дгыларак аҳасаб ала есымза 2 000 (ҩ-нызқь) мааҭ рызшәалахалоит", - ҳәа аҳәоит ақәҵараҿы.
Афинансқәа рминистрра анапы ианҵоуп 2021 шықәсазтәи абиуџьет аиҿкаараан аԥараныхра амҩаԥгара азгәаҭара.
1. Амҷԥҳа Роза Арушьан-иԥҳа
2. Амқәаб Гурам Артем-иԥа
3. Анқәаб Руслан Асҭамыр-иԥа
4. Аргәын Зураб Антон-иԥа
5. Арџьениа Енвер Чинчор-иԥа
6. Барганџьиа Русудан Амиран-иԥҳа
7. Басариа Вальдо Константин-иԥа
8. Бебиаԥҳа Екатерина Гьаргь-иԥҳа
9. Быҭәба Заур Расим-иԥа
10. Габриаԥҳа Марина Владимир-иԥҳа
11. Гындиа Сергеи Арушьан-иԥа
12. Гәбаз Лавренти Шьаақьыр-иԥа
13. Гәыблиа Руслан Владимир-иԥа
14. Занҭариа Аксент Жьагәа-иԥа
15. Инаԥшьба Даур Гант-иԥа
16. Қаџьаиа Борис Кәаҷаҷа-иԥа
17. Касланӡиаԥҳа Нуну Иасон-иԥҳа
18. Кациаԥҳа Еҭери Валериан-иԥҳа
19. Кәарацхьелиаԥҳа Ҭинаҭин Кәҷыҷ-иԥҳа
20. Киутԥҳа Нелли Николаи-иԥҳа
21. Маршьан Валери Џьота-иԥа
22. Орчыҟәба Валери   Қьрым-иԥа
23. Соловиова Иулиа Пиотр-иԥҳа
24. Ҳашба Владимир Саҭбеи-иԥа
25. Ҳашыг Руслан Мкан-иԥа
26. Ҵәыџьԥҳа Заира Иасон-иԥҳа
27. Чамагәуа Витали Зиа-иԥа
28. Шариа Витали Валериан-иԥа
29. Иаковлева Лилиана Михаил-иԥҳа.
Ақәҵара амчра аиуеит 2021 шықәса жьҭаара 1 инаркны.
Ажәабжьқәа зегьы
0