"Сашьцәа сеимаркуан": ҳџьынџьуаҩ Серҭаԥ Ажьиба Аԥсныҟа дшааз иазкны

© Foto / предоставила Саида Жиба Сертап Ажиба
Сертап Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз аԥсуаа рхылҵшьҭра Серҭаԥ Ажьиба иҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь иаара шыҟалаз еиҭалҳәоит ажурналист Саида Жьиԥҳа.
Дыҟамзар ҟалап Аԥсны анҭыҵ инхо аԥсыуак, иԥсадгьыл гәхьааимгакәа, ихы игәы иҭамкәа. Иахьа зыӡбахә шәасҳәо, Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаҩ Серҭап Ажьиба иҭоурыхтә дгьыл ишьапы ықәиргылаанӡагьы иеиҳабацәа ражәабжьқәа рыла бзиа ибахьан. Арахь данаа нахыс иԥхыӡ иалалеит, ихәыцрақәа иара иазкхеит.
Саида Жьиԥҳа, Sputnik
Серҭаԥ Џьемаль-иԥа Ажьиба диит Ҭырқәтәыла, Амшын еиқәа аҿықәан Самсун ақалақь аҟны. Абжьаратә школ ашьҭахь арԥыс Сҭампыл арратә коллеџь дҭалоит, анаҩс далгоит Анкаратәи арратә Академиа, алеитенант ичын иманы. Серҭаԥ иреиҳау аҵараиурҭа ашьҭахь Ардаҳан ақалақь архәҭаҟны аусура далагоит. Аршьаҟатә гәыԥ аиҳабы ихаҭыԥуаҩс дҟалоит. Серҭаԥ арра маҵзура дуқәа ныҟәигеит Ҭырқәтәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рыҟны. Тәанчара данцоз ирратә уалԥшьақәа хирқәшеит Анкара архәҭаҿы, аршьаҟатә гәыԥ деиҳабны, аполковник ичын иманы.
© Foto / предоставил Сертап Ажиба Серҭаԥ Ажьиба
Сертап Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Серҭаԥ Ажьиба
Серҭаԥ Ажьиба амҳаџьырра далацәажәо иҳәоит иабду иаб Шьааҳингьери иҭаацәеи иареи гәыԥҩык ижәлантәқәеи Ҟарачы-Черқьесск, Дамхәырцынтәи ихырҵәаны атәым дгьыл ахь идәықәырҵаз шракәу.
Кадыр Абагба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.09.2021
"Ԥсыуак мап ицәимкыцт": Ҭырқәтәылатәи ачынуаҩ Кадыр Абаӷба иҭоурых
"Ҳабдуцәа аамҭала Аԥснынтәи Нхыҵ-Кавказҟа иахнагаз роуп. Устәи, 1870 шықәсазы Ҭыркәтәылаҟа иқәымҵыр амуит", - ҳәа азгәаиҭоит ҳџьынџьуаҩ.
Серҭаԥ Ажьиба 2013 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьраҿы игоу Аиааира амш аламҭалазы, раԥхьаӡа акәны гәыԥҩыуаа иҩызцәа дрыцны иԥсадгьыл ахь дааит. Очамчыра араион ада, егьирахь зехьынџьара аныҟәарақәа мҩаԥигеит. Еибадырит иашьцәа-ижәлантәқәеи иареи.
"Сашьцәа сеимаркуан, доусы иҭахын иҩнаҟа сигарц. Абызшәа шысзымдыруазгьы дареи сареи агәыбылра ду ҳабжьалеит, бзиа ҳаибабеит. Ҳанеиԥырҵуаз аҭарџьман ила еибаҳҳәеит аимадара шҳабжьазаауа", - еиҭеиҳәоит Серҭаԥ.
Ҳџьынџьуаҩ Аԥснытәи абзазара аинтерес ду изаҵалеит. Иџьеишьеит аҳәса ахацәа раасҭа аус ахьыруаз. Деигәырӷьеит ҿыц иидырыз иуаажәлар реиҳараҩык аҵара дуқәа ахьрымаз.
© Foto / предоставила Саида Жиба Серҭаԥ Ажьиба
Сертап Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Серҭаԥ Ажьиба
"Аԥсны ҿыц сзабадыраз ауаа, сыжәлантәқәа рыдагьы рҟәышра сеигәырӷьеит. Сара зегьы сазҵаауан, сыԥсадгьыл аԥсҭазаара ганрацәала иҭысҵаар сҭахын. Сзацәажәоз, сызҵаарақәа убриаҟара иҵауланы, афилософиа аҵаҵаны рҭак ҟарҵон, ирылаз аԥсабаратә ҟәышра адагьы иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылганы ишыҟаз снырит", - дзеигәырӷьаз игәалаиршәоит ҳџьынџьуаҩ.
Аԥснытәи аԥсабара акәзар, Серҭаԥ "раԥхьа ишииз иаанхеит" ҳәа азиҳәоит.
© Foto / предоставил Сертап Ажиба Серҭаԥ Ажьиба иҭаацәа рыгәҭа
Сертап Ажиба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Серҭаԥ Ажьиба иҭаацәа рыгәҭа
Серҭаԥ Ажьиба Анкара имҩаԥысуа аԥсуа жәлар ирзынархоу аусмҩаԥгатәқәа лассы-лассы ихы рылаирхәоит. Иуаажәлар "рдеисра инапы ақәкуп". Ҳџьынџьуаҩ имӡакәа иҳәеит гәыхь дуны ишимоу, граны ихы ишавибо ихатәы бызшәа ахьизымдыруа. Изызҳаз ихшарагьы иаҽԥнырҳәо иалагеит.
"Уанҿоу иузеилымкаауа рацәоуп. "Нас сахьӡоит" ҳәа инасҭхауго наӡаӡа ишыуцәыӡуа уазхәыцӡом. Ус сыхьит саргьы схатәы бызшәа аҵараҿы. Иахьа аԥсышәала аҷҷаҳәа сцәажәозтгьы схәыҷқәагьы ирымдыруази. Аха сгәы касыжьуам. Сԥеи сыԥҳаи сдыргәырӷьеит аԥсуа бызшәа аҵара азҿлымҳара арҭо иахьалагаз", - ҳәа инаҵишьит иара.
Серҭаԥ иԥҳаиҳабы Сечиль директорс дрымоуп Сҭампылтәи аҳаиртә баӷәаза ҿыц аҟны иаарту, абренд иатәу амаҭәа ахьырҭиуа адәқьанқәа рыхәҭак. Забду ихьӡ ныҟәызго иԥа Џьемаль аиҳабыратәи акласс аҿы аҵара иҵоит.
Серҭаԥ ихшара даара ргәы былуеит Аԥсназы. Дара ран Гьевџьан дшаԥсыуамгьы дызланагалаз аҭаацәа рдацқәа закәу еилкааны хаҭала "шәцаны шәыԥсадгьыл жәба, шәабдуцәа рыдгьыл аҿы шәшьапы ашәаркы" ҳәа рабжьалгоит.    
Серҭаԥи сареи ҳаицәажәон аҭарџьман дҳабжьаҵаны. Аха зны-зынла убас сгәы иаанагон блалеи гәылеи ҳаилибакаауан ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0