Ҳаԥсҭазаара иасаркьоу: Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы

© Foto / Из архива музея им. Баграта ШинкубаБаграт Шинкуба
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.09.2021
Анапаҵаҩра
Баграт Шьынқәба ааигәаӡа иҭыҵыз ишәҟәы "Амшынҵақәа" дахцәажәоит апоет, ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ирҿиара инаваргыланы даара аџьабаа дуӡӡа ибеит ижәлар рмаҵураҽы, ринтересқәа рыхьчараҿы. Усҟан аамҭа ус имариамызт, цәаҳәак азыҳәан ухабар-зхабару ууа-уҭынха ирзымдырӡо уҭадырхар рылшон. Ҳара иахьа абра ҳазлацәажәо апоет имшынҵақәа иҩит 1967- 1978 шықәсақәа ирыҵаркуа аамҭақәа рзы. Усҟан апоет Аԥсны Иреиҳаӡоу Апрезидиум ахантәаҩыс дыҟан, иқәыӷәӷәоз даара ирацәан.
© Foto / Анатолий Лагулаа Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы
Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.10.2021
Баграт Шьынқәба имшынҵақәа рышәҟәы
Иахьа иззымдыруа рацәаҩӡоуп апоет иџьабаа, ашықәсқәа ирылигаз иҩымҭа ссирқәа реиԥш иҵегь ирацәаӡаны иҳаиҭаран дыҟан, уи дызхагылаз аус убриаҟара ааммҭа рацәа ицәнамгозҭгьы.
Баграт Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2021
Ҳаԥсуа бызшәа аҵаулара ҳӡаазырԥшылаз: Баграт Шьынқәба игәаларшәаразы
Сара абра иаазгар сҭахуп автор ишәҟәы "Амшынҵақәа. 1967- 1978 шш." аҟынтәи еиуеиԥшым аҭагылазаашьа хьанҭақәа раан ииҩыз. Аха уи аԥхьа исҭахуп ашәҟәы аиқәыршәара иаззырхиаз сара зласакәу ала, уи иацысҵаз аԥхьажәа шәаԥхьарц. Сгәы иаанагоит, иара мҩақәҵагахап ҳәа, аԥхьаҩ ашәҟәы аилкаареи, гәыла-ԥсыла усҟантәи аамҭақәа рахь гәаныла аиасреи рҿы еиҳа дарманшәалап ҳәа:
Шықәсқәак раԥхьа ажурнал "Алашара" аредакциаҿы дҳазнеит Аԥсны Афырхаҵа, Аԥсн жәлар рпоет Баграт Шьынқәба имаҭа Леуан Миқаа. Гәыблыла аԥсшәа анааибаҳәа ашьҭахь, уи дыԥхашьаԥхаҵо иаацәыригеит акырӡа дзыхӡыӡоз қьаадқәак. Урҭ уаанӡагьы зыӡбахә саҳахьаз, аха "злакҭа" сҭамԥшыцыз Баграт Шьынқәба акыршықәса зыҩра даҿыз имшынҵақәа ракәын.
Сара иаразнак даара сеигәырӷьеит, избанзар, Баграт Шьынқәба иеиԥш иҟаз ашәҟәыҩҩы ду инапы иҵыҵыз зегьы реиқәырхара, ркьыԥхьра, ҳара ҳуалԥшьақәа зегь раԥхьа иҳаргылоит! Насгьы, ҳара даара пату зқәаҳҵоз, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра агәҭаҵәҟьа иалагылаз, арҭ амшынҵақәа ахәыҷ иеиԥш дрыхӡыӡо игәыдырҟәыҟәлан данааҩнала, еиҳагьы сгәы ааԥшааит.
- Амала, иудыруаз, Анатоли, сара апоет итынхак иаҳасабала азин сымоуп, арҭ аматериалқәа ркьыԥхьра иаԥсоуп ҳәа шәгәы иаанагозар, макьана иузымкьыԥхьуа аҭыԥқәа рамхра… Избанзар, сара сабду аамҭа уадаҩ далагылан, иҟан дызҭахыз, идгылоз, аха иҟан есымша шьапҿаршә изызуазгьы… Урҭ рыхьӡқәа аартны иахьиҳәоугьы ыҟоуп, аха урҭ реиԥш иҟоу аҭыԥқәа макьана иаҳкьыԥхьрым… Аамҭа ԥыҭк бжьалааит, нас икьыԥхьтәхар, мышкызны алитератураҭҵааҩцәа иаԥсоуп ҳәа ирыԥхьаӡар, ҳаргьы ҳазхәыцып…
Баграт Шьынқәбеи ахаҩ еиҩсеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Ажәлар рыбзиабара иаԥсахаз: Баграт Шьынқәба диижьҭеи 104 шықәса ҵит
- Ибзиоуп Леуан, ҳара шәара Баграт иҭаацәа, ишәҳәо ҳадгылоит, агәрагьы аагоит, ҳаԥхьаҩцәа рзы арҭ хәы змаӡам, амшынҵақәа шҳамҭа духо!..
Усҟан урҭ амшынҵақәа "Алашара" ф-номерк ирнаҳҵеит, аиаша шәасҳәап, ҳжурнал зегь раҵкыс аԥхьаҩцәа анамаз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа иреиуазар ҟалап урҭ аамҭақәа… Аиааира апроспект аҿы иҟоу ҳашәҟәыҭирҭақәа  рҟны иқәгылаз ажурналқәа иаразнак иқәырԥааит, "еимырҵәеит", нас, уаҳа иабацоз, иашьҭалан ҳара ҳредакциахь иаауан, ҳаргьы ҳгәырӷьаҵәа ираҳҭон…
Уиаахыс, уажәшьҭа жәашықәса иреиҳаны иҵхьеит, арҭ амшынҵақәа шәҟәны рҭыжьра сгәы иҵхоижьҭеи. Ааигәа ақалақь аҿы ҳаиқәшәеит Баграт имаҭа  Леуани сареи, уи иагьиасҳәеит ишсабаԥу арҭ амшынҵақәа еизакны рҭыжьра, аҭаацәа ақәшаҳаҭзар, уи азҵаара аҳәынҭқарра аҿаԥхьа ишықәҳаргыло…
- Ибзиоуп, сақәшаҳаҭуп урҭ рҭыжьра, амала исҭахуп, иара Баграт ихьӡ зху, сара сызхагылоу Афонд абзоурала иҭҳажьырц! Џьабаас ишәоуеит, аха аиқәыршәара шәалага, аҭыжьра ҳара ҳадгылоит.
На фото рассеченный камень, давший название одноименному эпическому роману Баграта Шинкуба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2018
"Еилыскаауеи угәы иҵхо": апоет Баграт Шьынқәба изку ажуналист игәалашәарақәа
Убасҟан сқьышә инықәыххит, ани уара унапала иамухыз аҭыԥқәа ацаҳҵарыма ҳәа, аха иара ихаҭагьы уи уажәраанӡа дшазхәыцхьаз, аха макьана изаацәоуп ҳәа ихы агәра шаиргахьаз анеилыскаа, уа саангылеит…
Иахьа аԥхьаҩ инапаҿы икуп абаҩхатәра дуӡӡа змаз, шәышықәса рахьтә знык ииуа агеницәа иреиуоу, зырҿиамҭа ссирқәа ирываргыланы, хәы змаӡам, дызлагылаз аамҭа асаркьа цқьеиԥш икаххаа изныԥшуа, амшынҵақәа ҳзаанзыжьыз апоет ишәҟәы. Уи ибжьы ҳгәы иқәҩуанаҵы, ҳлымҳа иҭыҩуанаҵ, ҳазқәыло ацҳа маакырадагьы ҳақәсуеит!
Абар иара апоет имшынҵақәа рзы ихаҭа ииҩуа: "Мышкызны арҭ анҵамҭақәа аӡәыр имԥыхьашәараны иҟазар, уи агәра игартә еиԥш изцәажәарыма сызнысыз сымҩа шуадаҩӡаз? Арҿиара аус аҷыдахаз акгьы саҿымызҭгьы, иахьа сҩымҭақәа раҟара рыдгылазаарын, аха уи аиԥш алахьынҵа сара исмоугәышьеит. Сшыҷкәынӡаз аполитика ӡырҩаш саланахалеит, сшыҷкәынӡаз еилыскааит сыԥсадгьыл залымдарала ишаауа, иахьагьы аҟымҟымра ишҭагылоу. Ан лҿаԥхьа ахҭылҵ иуалузеи? Зегь раԥхьаӡагьы ан лгәы дамгартә еиԥш дныҟәозароуп! Сара сзынгьы иҟам даҽа мҩак…"
Заур Шьынқәба, Баграт Шьынқәба имоҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.05.2017
Баграт Шьынқәба имоҭа: сабду сара сзы еснагь дҿырԥшыган
Даара удырхәыцуеит апоет Иреиҳаӡоу Апрезидиум Ахантәаҩыс даныҟаз имшынҵақәа. Абар, 1967 шықәсазы ииҩуаз имшынҵақәа руак:
"Иахьа иҟан Қырҭтәылатәи Акомпартиа Аԥснытәи аобкм абиуро. Ирацәан еиуеиԥшымыз азҵаарақәа. Абиуро - даара иусхьанҭоуп, ауаҩы дыҵнахуеит. Уаԥхьа ииасуеит еиуеиԥшым ауаа, урҭ ҟазшьала еиԥшым, хшыҩлагьы еиҟарам. Џьоукы уаацқьақәоуп, акы ада акагьы рыздыруам, џьоукы ӷьычцәоуп, гызмалқәоуп, урҭ ацхырааҩцәагьы рымоуп. Убарҭ еиҵарҟәаҟәаз уртытлароуп, риааирагьы уадаҩӡоуп… Абиуро ашьҭахь есымшеиԥш ахыхь сызҵысуеит".
Уажәы ҳаԥхьап апоет данқәыԥшыз, Аџьынџьтәылатәи Аибашьреи, аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раани иԥсҭазаара уадаҩ атәы ахьиҳәо:
"Ишԥамҩаԥысуаз Ҭамара лхатә ԥсҭазаара? Уаҟагьы аџьабаа, агәаҟра! 1942-1943 шықәсқәа рзы аԥҳаи аԥеи ҳахшеит. Лара лысабицәа лыманы Ҷлоу сани саби рҿы дыҟоуп, ахәыҷқәа лааӡоит, арахь ақыҭа школ аҿы рҵаҩысгьы аус луеит. Х-километрак - уахь, х-километрак - арахь, аҳәынҵәа еимгәҳәо. Сара Қарҭҟа схынҳәит, аспирантураҿы сҵара насыгӡоит.
Баграт Шьынқәба ишәҟәқәа - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2023
Баграт Шьынқәба иҩымҭақәа бзианы ижәдыруама?
Игылеит 1945 шықәса. Адиссертациа хьчаны схынҳәит аҩныҟа. Иауазар, схәыҷқәеи сареи ҳаԥсҭазаара ашьапы сызкуазар ҳәа ауп сгәы иҭоу!
Маи мза 9, аибашьра ианалгаз аҽны Ҷлоунтәи сҭаацәа сыманы сдәықәлеит Аҟәаҟа. 12 метр иҟаз ауада ҳаҩнамлар, уаҳа царҭа ҳмоуит схәыҷқәеи сареи. Уа ҳаҩнахоит 8-шықәса инарықәгәыӷуа. Ауада изакәызаалак маншәаларак амамызт. Ҭаацәак ирыҵабо аӡы ҵаҟантә 3-тәи аетаж ахь ахагалара, уантәи аҽыӡәӡәага ҵаҟа албаагара - абри даҿӡан Ҭамара.
Сҭаацәеи сареи абри аиԥш ауадаҩра ҳазҭагылазгьы сыннамкылт. Абласаркьа имаҵаԥцәа иаархаӡан иаҿын рус еиқәаҵәақәа рымҩаԥгара: иадыркит аԥсуа школқәа, иадыркит аԥсуа арҵаҩратә техникум, Арҵаҩратә институт аҟны аԥсуа бызшәеи аԥсуа литературеи маҭәар ҳасабла дырҵара иаҟәырхит, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аӡә ибла ҭнахит, "Аидгыла" аҭыԥан "Аҟәша" ҟарҵеит. Атопонимикаҿы ирацәахо иалагеит аԥсуа хьыӡқәа рҭыԥан ақырҭуа хьыӡқәа. Ажәакала, аӡыхәашь хыҵны ирыҵалт аԥсуаа…
Аԥсуа филологиа апатриарх, абызшәадырҩы Константин Семион-иԥа Шьаҟрыл - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.06.2019
Аҵарауаҩ ду: абызшәадырҩы Константин Шьаҟрыл диижьҭеи 120 шықәса ҵит
Ари сзымычҳаит сара. Хҩык анаукатә усзуҩцәа: Гь. Ӡиӡариа, К. Шьаҟрыл, сара ҳнапы аҵааҩит арзаҳал. Уи сыманы Москваҟа сцоит ашшра.
Аха ҳашшыбӷьыц акгьы алымҵит, ҳаззашшыз рахь идырхынҳәит. Ҳара гәыбӷан ӷәӷәа ҳарҭеит. Сыԥшәма илықәмыӷәӷәар ҟалозма сызҭашәаз, 7 шықәса есуаха сымаҭәа лырхион, сҭаркырц ианааилак иаашьҭысхшаз".
Баграт Шьынқәба даара дазҿлымҳан аԥсуа литература адунеитә доуҳатә культура ду иалагылартә аҟаҵара. Уи арахь Аԥсныҟа иааиԥхьон даара абаҩхатәра ду змаз, Асовет Еидгылаҿ еицырдыруаз ашәҟәыҩҩцәа. Абар "Амшынҵақәа" рҿы урҭ рыӡбахә шаҟа гәыблыла далацәажәо: "Римма Казакова иаалҭиит Иуа Коӷониа иҩымҭақәа еиҭаган. Макьана сзыԥхьахьоу "Абаҭаа Беслан" ауп, сгәы иахәоит. Екземплиарк Ашәҟәыҩҩцәа Реидгылахь исышьҭит, урҭгьы аԥхьара иалагеит. Ларгьы даарц дыҟоуп лассы. Ҳәара аҭахым, баҩхатәра згым поетуп, аха аус лырушьа ҳақәшәароуп.
Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арҿиаратә еиԥыларақәа, аҩызцәа рыдкыларақәа: Баграт Шьынқәба
Хымшҟа рышьҭахь К. Симонови сареи акреицаҳфон, ишыҟаҳҵалац еиԥш, гәаартыла ҳаицәажәон. Уи идыруеит сара аҭоурыхтә роман "Ацынҵәарах" сшаҿу. Атемагьы, иқәгылоу апроблемақәагьы игәы иахәоит, сзалгагәышьар, ароман аиҭагара игәы иҭоуп. Саргьы уи сгәы арыӷәӷәоит, ус хьӡы змоу аӡәы еиҭеимгар, иркьыԥхьран иҟаӡам!
Аҵыхәтәантәи аамҭазы уи ароман ауп схы адрыԥсылан сызҿугьы…"
Сара сгәы иаанагоит ари ашәҟәы дарбан аԥсуазаалакгьы акырӡа ианаҳәоит, араҟа иагәылаҵәахуп ҳҭоурых, аԥсуа жәлар аамҭаказ ҳразҟыдара, ҳатрагедиа, ауадаҩрақәа зегьы ириааиз абаҩхатәра ду змаз апоет лаша имч, ихшыҩ, инарха, ԥсра зқәым аԥсуа ажәа аиқәырхара, иахьатәи абиԥара рҟынӡа аагара. Ари ашәҟәы ҳмилаҭтә поет ду иҩит, уи ԥсра ақәӡам, уи аԥсҭазаарахь амҩа лаша ҳақәнаҵоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0