Агәабзиара ашәарҭара иҭаргылатәым: аҟазауаҩ COVID-19 аҟынтә алаҵа хра шамоу иҳәеит

© Sputnik / Александр Кряжев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак
Вакцинация от COVID-19 препаратом КовиВак - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.09.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26030-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21780-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 391-ҩык.
АҞӘА, цәыббра 13 – Sputnik. Акоронавирустә инфекциа аҟынтә алаҵада ацәеижь иацәыуадаҩуп ачымазара аиааира ҳәа иҳәеит Урыстәыла зҽаԥсазтәыз аҳақьым Иури Серебриански арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо.
"Зегьы ижәдыруеит иҳацәцаз ауаа дуқәа акоронавирус иахҟьаны: артистцәа, адепутатцәа, арежиссиорцәа. Аекспериментқәа мҩаԥыргон. Уи шәарҭоуп", - иҳәеит аҳақьым.
Акоронавирустә инфекциа аҟынтә алаҵа ҟаҵатәуп, акьыбачымазара змоугьы налаҵаны, иҳәеит Серебриански.
"Зцәа зтәымгьы алаҵа ҟарҵар алшоит.  Аха  уи  акушер-гинекологцәа аларцәажәаны аҩбатәи аамҭахҵәахаз иҟаҵатәуп", - иҳәеит иара.
Вакцинация от COVID-19 водителей и курьеров Яндекс - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.09.2021
Анқәаб агәынамӡара ааирԥшит  алаҵа ҟазҵахьоу рхыԥхьаӡара ахьмаҷу азы
COVID-19 аштамм ҿыцқәа шәарҭоуп: аҷаҷа, агәы, арыԥҳа, агәаҵәа уҳәа ааха рнаҭар ауеит.
Акоронавирус зыхьхьоу ауаа алаҵа ҟарҵар ҟалома ҳәа ирҭаз азҵаара аҭакс  Серебриански иҳәеит уԥсы ҭанаҵы иузхаша аиммунитет ыҟаӡам ҳәа.
"Ацәеижьҿагылақәа гәаҭалатәуп. Ачымазара амҩаԥысшьа иахәаԥштәуп. Акоронавирус даара ишәарҭоуп азы алаҵа ҟаҵатәуп", - иҳәеит 
Нанҳәа 6 рзы Аԥсныҟа иааргеит 5 нызқь лаҵа "Спутник Лайт", алаҵаҟаҵра иалагеит амза 10 инаркны. Уажәтәи алаҵа ааихәеит, аагарагьы ахә ахишәааит Москватәи аԥсуа диаспора ахада Беслан Агрба.
Уаанӡа "Спутник V" актәи ахәҭа 4000 лаҵа 6,9 миллион мааҭ ҳәа иаахәан 2021 шықәса мшаԥымзазы. Даҽа 2500 лаҵа агәыҳалалратә цхыраара ҳәа Урыстәыла Аԥсныҟа иаанашьҭит.
Лаҵарамза алагамҭазы акоронавирустә чымазара ҿкы COVID-19 аҟынтәи аԥшьбатәи урыстәылатәи алаҵа "Спутник Лайт" ашәҟәы иҭаргалеит. Иара ауаҩытәыҩса 85% ихьчара алшоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0