Гагра ахысра далахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу даанкылоуп

© Sputnik Томас Тхайцук Наручники
Наручники  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 12 азы Гагра ақалақь агәаҿы 1992 шықәсазы ииз Александр Анқәаб иехсит.
АҞӘА, цәыббра 14 - Sputnik. Даанкылоуп Алан Бутаев, Гагра ахысра далахәын ҳәа агәызҩара ззыҟоу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аусҭҵаара адыррала цәыббра 12 азы Гагра, акаҳуажәырҭа "Серебряный бриз" (Абазгаа рымҩа) Бутаев атапанчала 1992 шықәсазы ииз Александр Анқәаб диехсит. Ахәрақәа зауыз ахәышәтәырҭахь днаган.
Ашьаус хацыркуп закәаншьаҭада абџьар, аџьаԥҳаны, арҭҟәацгақәа раахәара, аӡә иҭара, аныҟәгара, иара убасгьы аӡәы иԥсҭазаара ааха ӷәӷәа аҭара аганахь ала.
Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Гагра араион ААР аусҭҵааратә ҟәша.
Ажәабжьқәа зегьы
0