Урыстәылатәи армаҵзурауаа заанаҵ Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рҟны рыбжьы арҭеит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытое тестовое голосование в ЦИК России
Открытое тестовое голосование в ЦИК России - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥгахоит амҽыша, цәыббра 19 азы.
АҞӘА, цәыббра 15 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа заанаҵы Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рзы абжьыҭара мҩаԥыргеит ҳәа аанацҳауеит ААО апресс-маҵзура.
Второй тур президентских выборов в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.09.2021
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит
Заанаҵы абжьыҭара мҩаԥыргеит аҷаԥшьаратә сменақәа ирықәшәоз аррамаҵзурауаа.
Зынӡа ААО арратә хәҭақәа аҳәаанырцәтәи рҵакыраҿы алхырҭа ҭыԥқәа фба рзеиҿкаауп: акы Гәдоуҭа, ҩба Цхьинвали Џьавеи, Ермантәыла хԥа.
ААО аррамаҵзурауаа реиҳараҩыки аграждантә персоналии урҭ рҭаацәарақәеи абжьыҭара мҩаԥыргоит цәыббра 17-19 рзы. Арҭ акатегориақәа релекторат 240 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит.
Цәыббра 19 азы Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа раан Аԥсны иахьаҵанакуа абжьыҭаратә ҭыԥқәа жәба аадыртуеит. Абжьыҭара алшоит Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭара азин ыҟоуп. Убри аан иумазароуп Урыстәыла аҩныҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәы.
Ажәабжьқәа зегьы
0