Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџьба акарантин аамҭаз иаԥҵаз иусумҭақәа ирызкны

© SputnikСергей Цвижба
Сергей Цвижба - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.09.2021
Анапаҵаҩра
Аонлаин-цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" алахәыла Сергеи Ҵәыџьба аԥкрақәа асахьаҭыхҩы ишизеиӷьу, насгьы баша аамҭа зго ҳәа дызхәаԥшуа атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Ҵәыџь акарантин аамҭаз иаԥҵаз иусумҭақәа ирызкны
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә маҵзура Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицны еиҿыркааз онлаин-цәыргақәҵа. Уи шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
"Ауаа ԥхьатәартә еиԥш аҭагылазаашьа иҟалаз, аиашазы, сара сзы, шамахамзар, акгьы амԥсахӡеит. Асахьаҭыхҩы зхы аус адызуло, дзаҵәуп. Аԥхьатәара хәыҷык ауаҩы ицхраауеит, избанзар, аԥсҭазааратә цәахацәыфара ирацәаны ауаҩы дҿазҳәо, ицрыхо рацәоуп, абраҟа урҭ маҷхеит, ихы-иԥсы дазынхеит иаҳа ауаҩы. Асахьаҭыхыҩ иус дахызго иаҳа имаҷхеит. Убри аҟнытә арҿиара аус иаҳа аус адиулартә аҭагылазаашьа ҟанаҵоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџь.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0