Аԥсуа ԥҳәыс илызку афильм Шәача акинофестиваль аҿы идырбахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция посвященная созданию фильма "Она"
Пресс-конференция посвященная созданию фильма Она - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.09.2021
Анапаҵаҩра
Шәача акинофестиваль аҿы арбаразы иаашьҭыз 400 зыҳәа рҟынтәи иалхын аԥсуа ԥҳәыс илызку афильмгьы. Иара аӡыргара мҩаԥгахоит абҵара 5-9 рзы.
АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Адокументалтә фильм "Лара лоуп" Аԥсны иқәынхо аҳәса ирызкуп. Иара ддырбараны иҟоуп акинофестиваль "SIFFA" аҿы. Абри атәы Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ иалацәажәеит апроект авторцәа.
Афильм иалахәуп Аԥсны инхо 63-ҩык аҳәса. Зегь иреиҳабу 99 шықәса лхыҵуеит, иреиҵбоу – 24 шықәса.
Тодуа Есма - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Арадио
Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа аԥсуаа ркультураҿы аԥҳәыс иаанылкыло аҭыԥ иазкны
Асценарист Инесса Лакәиаԥҳа ишылҳәо ала, абри аҩыза афильм аԥҵара лгәаԥхеит 50 тәыла рҟынтәи аҳәса ирызку акиносахьа данахәаԥш. Афильм афырԥҳәысцәа илдыруаз, илҩызцәаз рыцхыраарала иалылхит. Урҭ еиуеиԥшым амилаҭқәа иреиуоу, еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу роуп.
Ирхиаз азҵаарақәа авторцәа ирымамызт. Ус ирыҳәон – ҭоурыхк иалацәажәарц, жәабыжьк еиҭарҳәарц. Арежиссер Анастасиа Хәарцкьиаԥҳа ишылҳәо ала, хықәкны иҟаз иахьатәи аԥҳәыс лынхашьа, лхәыцшьа, лҭагылазаашьа аарԥшра акәын.
"Аҭыхрақәа раан иҭаҳхуаз ҳрыцгәырӷьон, ҳрыцҵәыуон. Иҟан иҭаҳхуаз дааҳгәыдкыланы ԥхаррак лыцеиҩаҳшарц анаҳҭаххоз. Аҭыхра апроцесс агәахәара ҳнаҭон. Сгәанала, аԥҳәыс лдунеи иагьҵаулоуп, иагьыҭбаауп", - ҳәа лҳәеит Лакәиаԥҳа.
Амузыка иҩит акомпозитор Тимур Агрба. Иара иҳәеит аекран аҿы иибоз амузыкатә ҟазшьа аиҭар шиҭахыз.
"Актәи авариант анызба сгәыҩбарақәа еимпит. Ауаа иҟаҵәҟьаз аҭоурыхқәа анеиҭарҳәо дара мацара иртәу атемақәа ирылацәажәоит", - ҳәа иҳәоит иара.
Афильм ателефон акамерала иҭыхуп, ԥшшәы ахаӡам.
Аҭҵаарадырреи акультуреи рыҿиара ацхырааразы аԥсуа-аурыс фонд "Иналас" ашьаҭаркыҩ Белла Агрԥҳа илҳәеит зметраж наӡоу афильм Аԥсны Ашықәс ҿыц аламҭалазы дырбара шыргәиҭоу. Аметраж кьаҿ змоу аӡыргара мҩаԥгахоит абҵара 5-9 рзы.
Ажәабжьқәа зегьы
0