Аҳақьым COVID-19 ашьҭахь аимҳәачымазара ахьанҭара далацәажәеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПункт вакцинации от COVID-19 в ТРЦ "Гагаринский"
Пункт вакцинации от COVID-19 в ТРЦ Гагаринский - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
COVID-19 егьырҭ авирустә чымазарақәа рыхгара анырра шанаҭо атәы далацәажәеит радио Sputnik аҿы атерапевт Ирина Иарцева.
АҞӘА, цәыббра 17 - Sputnik. Акоронавирустә инфекциа ауаҩытәыҩса еиуеиԥшым ицәеижь ахәҭақәа анырра рнаҭоит. COVID-19 зхызгаз ауаҩы дыԥсыҽуп, дычмазаҩхаанӡа аасҭа, иднагало егьырҭ ачымазарақәагьы еиҳа илаҽуеит, ҳәа лҳәоит аиммунолог Иарцева арадио Sputnik аҿы.
Убри аан макьана ишьаҭауркыша адыррақәа ҳамам COVID-19 зхызгаз егьырҭ аҿкчымазарақәа еиҳа ихьанҭаны ихигоит ҳәа.
Аҳақьым лажәақәа рыла коронавирустә инфекциа ашьҭахь зҭыԥ аҿы имааиц ауаа, зрыԥҳақәа ааха рымаз рчымазара ҿыц еиҳа ирзыхьанҭахоит.
"Арыԥҳақәа ааха ӷәӷәа рымазар, аҽа чымазарак ахгарагьы уадаҩхоит. Ауаҩы иҽышьақәиргылаанӡа аҽа чымазарак, иаҳҳәап аимҳәа шьҭикаар акыр ицәыуадаҩхоит ахгара» ҳәа лҳәеит Иарцева.
COVID-19 ашьҭахь аамҭа цацыԥхьаӡа аиммунитет аҽарӷәӷәоит лҳәеит лара.
"Акоронавирус, егьырҭ авирусқәа зегь реиԥш аиммуннтә система анырра анаҭоит. Аха нас уи шьақәгылоит. Акоронавирус зхызгаз, иаиааиз ииммунтә система еиҳагьы аҽарӷәӷәоит", - ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Ахыхьчаразы акоронавирустә инфекциеи аимҳәеи зхызгаз алаҵа ҟарҵар бзиоуп ҳәа азгәалҭеит атерапевт.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ажәабжьқәа зегьы
0