Гагра араион ахадара COVID-19 змоу ауаа миллион мааҭ рҟынӡа ацхыраара рзыҟарҵеит

© SputnikАдминистрация гагры
Администрация гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.09.2021
Анапаҵаҩра
Цәыббра 16 рызтәи адыррақәа рыла Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп акоронавирус злоу 18-ҩык ачымазцәа, урҭ рахьтә ҩыџьа рҭагылазаашьа уадаҩуп.
АҞӘА, цәыббра 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион ахадара COVID-19 змоу 250-ҩык ауаа миллион мааҭ рҟынӡа ацхыраара рзыҟарҵеит, ҳәа иҳәоит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Алхас Барцыц.
"Гагра араион ахада Иури  Ҳагәышь инапынҵала шықәсык аҩнуҵҟа акоронавирус зманы аҩны зҽызхәшәтәуа ҳусзуҩцәа ацхыраара рырҭоит ахәшәқәеи афатә-ажәтә аахәареи рҿы. Ҳара есыҽны аҭагылазаашьа ахылаԥшра аҳҭоит. COVID-19 азы атестқәа рҭак азы аинформациа ҳамоуп. Анаҩс урҭ аҭел ҳарзасны ацхыраара рыдаагалоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Барцыц иажәақәа рыла ахәшәқәа, афатә раахәареи рызнагареи араион ахадара аҟынтәи авалантиорцәа имҩаԥыргоит. Ичмазаҩу рҟынтәи иҟоуп ацхыраара мап ацәызкуа, еиҳа ацхыраара зҭаху рахь ҳхьазырԥшуа.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.12.2020
Бжьаниа: COVID-19 аҿагылара иақәхарџьуп миллиардбжак аԥара
"Зны-зынла араион ахада ма сара арҭ ахәшәқәа зҭаху ианрызнааго ыҟоуп. Аусуҩ аамҭа имоу имаму иахьырԥшны ҳаизыԥшӡом. Аамҭа змоу ари аус ҟаиҵоит", - иҳәеит иара.
Акоронавирус змоу рыцхырааразы аԥара араионтә биуџьет иалҵуеит. Барцыц иҳәеит агуманитартә программа ԥхьаҟагьы ишацҵахо.
Иара иазгәеиҭеит аҵыхәтәантәи мызки бжаки рыҩнуҵҟа ачымазара маҷк ишышьақәтәаз, аха ацәшәара шыҟоу аӡын аамҭазы еиҭах аҽышьҭнахуеит ҳәа. Цәыббра 16 азтәи адыррақәа рыла Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп 18-ҩык ачымазцәа, урҭ рахьтә ҩыџьа  рҭагылазаашьа уадаҩуп.
"Аԥсҭазаара ишаҳнарбо ала акурорттә сезон ашьҭахь ачымазара аҽарҭбаауеит. Ҵыԥх ус иҟан. Убри азоуп ашәара зҳамоу", - ҳәа иҳәеит иара.
Ахада ихаҭыԥуаҩ иҳәеит акурорттә аамҭазы атуризм аусхк знапы алаку ачымазара ҟазшьақәа рхы ианадырбалогьы аҳақьымцәа рахь ианыдымҵаало шыҟоу. Ахыԥхьакра рҭахым аԥарарҳара иахәаԥшны.
Атуристцәа рыбжьарагьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ҟалалоит. Барцыц ҿырԥштәны иааигеит ротавирустә инфекциа аҟазшьақәа рыманы ахәшәтәырҭахь ианнеило акоронавирус азы атест аҭара мап анацәыркуа, уи аҭахым ҳәа ианыршьо. Мчыла рыдгалара азин ыҟам.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 26549-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахеит 21820-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵит 397-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0