Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зус иазҟазоу: Лашәриа аонлаин-цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара"иазкны

© SputnikМикрофон
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.09.2021
Анапаҵаҩра
Аонлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" алахәыла Беслан Лашәриа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ас еиԥш аформат дшазнеиз, ицәыригаз иусумҭаҟны иаарԥшу, иахьазы аус здиуло атәы.
Зус иазҟазоу: Лашәриа аонлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" иазкны
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә агентра Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицеиҿыркааз онлаин-цәыргақәҵа. Уи шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
"Аонлаин-цәыргақәҵа аҟны иӡырзгаз сусумҭақәа азнеишьа ҿыц рымам уҳәар алшоит, тема хадас еиҳарак иҟоу ақалақь ахаҿра еиуеиԥшым аганқәа рыла аарԥшра. Ҳәара аҭахума гәахәала сазнеит( аформат азы- азгәаҭа), избанзар уажәы ацәыргақәҵақәа реиҿкаара азин ыҟам. Иамуӡозар аонлаин-цәыргақәаҵала асахьақәа ауаа дырбара гәахәала исыдыскылеит. Иҭухыз аӡәгьы имырбакәа, уара уадтәаланы акәымкәа, ауаа ргәаанагара анырҳәо, уи асахьаҭыхҩы изы акраҵанакуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Лашәриа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0