Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь абжьыҭара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Бжания проголосовал на выборах в Госдуму России
Аслан Бжания проголосовал на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Анапаҵаҩра
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
АҞӘА, цәыббра 19 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа ихы рылаирхәырц азы  Аҟәатәи абжьаратә школ №5 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ ахь днеиит.
Атәыла ахада Аҟәатәи ашкол № 10 аҿтәи алхырҭатә ҭыԥ ахь днеиит асааҭ 11:50 рзы, азеиԥш гәаран дықәгылеит, аха быжьбаҟа минуҭ дангыла ашьҭахь иӡбеит  ашкол №5 ахь абжьыҭаразы днеирц.
"Иахьа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысуеит. Ари Урыстәылатәи аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа политикатә хҭысуп. Сара Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаҩык иҳасаб ала исуалны исыԥхьаӡеит абжьыҭара ааира. Ари атәылауаҩ иуалԥшьоуп", - ҳәа иҳәеит Бжьаниа.
Аҟәатәи  ашкол №5 аҟны асааҭ  12:00 рзы 307-ҩык рыбжьы арҭахьан.
Гәдоуҭатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы раԥхьа абжьыҭаразы инеиз дреиуоуп аԥыза-министр Александр Анқәаб.  Иара уахь днеиит асааҭ  08:00 азы.
Аԥсны иахьаҵанакуа асааҭ 08:00 рзы алхырҭатә ҭыԥқәа жәба аадыртит. Иадыркуеит асааҭ  20:00 азы.
В Абхазии началось голосование на выборах в Госдуму России - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.09.2021
Аԥсны  аԥыза-министр Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа рзы ибжьы аиҭеит
Мандатктәи алхырҭатә округ иадҳәалоу аҭыԥқәа аартуп Аҟәа, Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Бамбора, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал.
Абжьыҭара рхы аладырхәыр рылшоит Аԥсны инхо, 18 шықәса зхыҵхьоу Урыстәыла атәылауаа, иара убасгьы абжьыҭара амш азы ара аамҭала иҟоу. Абжьыҭаразы иумазароуп аҩнуҵҟатәи ма аҳәаанырцәтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәы.
Аԥсны инхо уаанӡа  Урыстәыла атәылауаа рзы абжьыҭаратә ҭыԥқәа еиҿыркаахьан 2011, 2016 шықәсқәа рызтәи алхрақәа раан. 2016 шықәсазы абжьыҭара рхы аладырхәит 20 000-ҩык ауааԥсыра, урҭ рҟынтәи 75% апартиа "Иаку Урыстәыла" азы рыбжьы рырҭеит.
2018 шықәсазы ареспубликаҿ имҩаԥысит Урыстәыла ахада иалхразы абжьыҭарақәа. Владимир Путин рыбжьы ирҭеит 94,1% ма 39 427-ҩык.
Аҳәынҭқарратә Дума захьӡу аиҿкаара раԥхьаӡа акәны ицәырҵит 1905 шықәсазы. 1917 шықәсазы февральтәи ареволиуциа ашьҭахь иаԥыхын.
Иахьазы Апарламент ҵаҟатәи апалата ҳәа ишьоуп. Афедерациа ахеилаки иареи  иреиҳаӡоу закәанԥҵаратә органны иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0