Цәыббра 21 азы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит

© Sputnik / Акоп Кущян Смеситель
Смеситель  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҳҭнықалақь амҩадуқәак рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахьцо иахҟьаны аӡааира аамҭала иаанкылахоит.
АҞӘА, цәыббра 20 - Sputnik. Зыҭбаара 500 миллиметра иҟоу, аӡыҭгагатә станциа №2 аҿы аӡымҩангагақәа реиԥшьра иахҟьаны цәыббра 21 рзы Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит, абри атәы аанацҳауеит "Аӡыканал".
Аӡрыжәтә ааира аанкылахоит асааҭ 00:00 инаркны 20:00 рҟынӡа. Ӡыда иаанхоит Ешба имҩаду, Ажәытә ҳабла, "Колос", Адыгаа рымҩа, Ӡиӡариа имҩа, авокзал, ақалақь агәҭа, ВИЕМ, иара убас аџьармыкьеи Алашарбагеи иахьрыҵанакуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0