Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Зус иазҟазоу: Логәуа аонлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукНугзар Логуа
Нугзар Логуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.09.2021
Анапаҵаҩра
Аонлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" алахәыла Нугзар Логәуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ас еиԥш аформат дшазнеиз, апандемиа иусумҭақәа рҟазшьа ишаныԥшыз.
Зус иазҟазоу: Логәуа аонлаин цәыргақәҵа "Аиҟәгара – аҟазара" иазкны
"Аиҟәгара – аҟазара" ахьӡуп аинформациатә маҵзура Sputnik, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи, Асахьаҭыхратә цәыргақәҵатә зал хадеи еицеиҿыркааз онлаин-цәыргақәҵа. Уи иалахәуп 20-ҩык рҟынӡа аҟазацәа. Ацәыргақәҵа шәахәаԥшыр шәылшоит Sputnik асаит аҿы.
"Ибзианы исыдыскылеит (онлаин цәыргақәҵазы - азгәаҭа), иаҳәо рацәазар акәхап, избанзар аҟазацәа рдунеи ҳара ҳҟны адагьы ишышьақәгылаз аинтерес аҵоуп. Ари аҩыза аамҭа ҳанҭагыла, ирацәаҩуп асахьаҭыхыҩцәа ибзианы ирхыргеит, аҟазарҭаҟны аус руан ҳәа зҳәоз. Ганкахьала ииашазар ҟалап, аха асахьаҭыхҩы, адунеи иалахәу ауаҩы шаҟа игәҭыху шәазхәыц. Ари аамҭа психологиала даара ихьанҭан сара сзгьы, избанзар иҟало еилкаамызт. Хәыҷы-хәыҷ аамҭа иаҳнарбеит уигьы аҽаршьцылара шаҭаху, апсихологиа шыԥсахтәу", - ҳәа азгәеиҭеит Логәуа.
Аҟаза иазгәеиҭеит апандемиа аамҭа ихәыцрақәа амԥсахыр залымшеит ҳәа, иусура концепциала даҽакала ишьақәгылеит ҳәа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0