Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Шьынқәба аныхаԥааҩцәа Елыр имҩаԥыргаз аныҳәаразы: ҳаиқәырхара иадҳәалоуп

© SputnikБеслан Шинкуба
Беслан Шинкуба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.09.2021
Анапаҵаҩра
Елыртәи аныхаԥааҩ Беслан Шьынқәба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Елыр аныхаԥааҩцәа цәыббра 21 рзы имҩаԥыргаз аныҳәара аҵакы атәы.
Аԥсны иԥшьаӡоу аҭыԥқәа быжьба ыҟоуп, урҭ ааидкыланы Абжьныха ҳәа ирышьҭоуп. Аԥсуа жәлар зылԥха роуша иреиуоуп: Дыдрыԥшь-ныха, Лых-ныха, Лӡаа-ныха, Инал-Кәыба, Адагәа ныха, Лашькындар, Елыр-ныха.
Шьынқәба аныхаԥааҩцәа Елыр имҩаԥыргаз аныҳәаразы: ҳаиқәырхара иадҳәалоуп
"Хәажәкыра 21 рзы аӡын еиҟәшаны, млеи хьҭеи иамкыкәа, ажәла дәылганы рхы иақәныҳәон. Алаҵара анымҩаԥыргоз аамҭазы аԥшьаҭыԥқәа рҟны инеины Ҳазшаз иҳәон илаԥш хаа рыгимажьырц азы, уи актәи ацикл аамҭазы акәын. Анаҩс амши аҵхи анеиҟарахоз аамҭазы аныхаԥааҩцәа еизон, аԥшьаҭып аҟны ааигәа-сигәа иҟаз рзы ихымԥадан инеины рхы ақәныҳәара. Ашьа каҭәаны ацәашьы рхыргон, иҳәон анцәа, аҳауа бзиа, амш лаша иаҳәон. Цәыббра 21 ашықәс азы аамҭа ахыркәшара ҳәа иԥхьаӡоуп. Ҳазшаз иҿаԥхьа ԥҟарак, ҿаҭахьак аҳасабала аныҳәара рыдын. "Ҳазшаз уара иуџьшьоуп ҳаурақәа бзиоуп, аҳауа бзиа ҳауҭеит, ҳагхаԥха ҳанаужьырц ҳуҳәоит", - ҳәа иашьаԥкуан. Абас имҩаԥыргон аныҳәара цәыббрамзазы. Ари каҳажьыр, ҳара ҳзы даҽаӡәы имҩаԥигом, ҳдин даҽаӡәы дахӡыӡаауам. Ари ҳбызшәа, ҳхыԥхьаӡара аиқәырхара иадҳәалоуп. Ҳҿар, иахьа уахәаԥшуазар, рхыԥхьаӡара уаршәартә иҟоуп, ахы ҟәнамшьеит амашәыр амҩа иатәума, арҩашьыгатә маҭәашьар иахҟьама, ирацәахеит ачымазарақәа. Анкьа иҳамаз ҳдинтә ныҳәарақәа Ҳазшаз имчала иацныҟәо ҟалеит", - иҳәеит Шьынқәба.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0