Путин Аҳәынҭқарратә Дума ҿыц аҿаԥхьа ӡбатәыс иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин Аҳәынҭқарратә Дума ҿыц аҿаԥхьа ӡбатәыс иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит
Путин Аҳәынҭқарратә Дума ҿыц аҿаԥхьа ӡбатәыс иқәгылоу азҵаарақәа рыӡбахә иҳәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин аилацәажәара мҩаԥигеит Аҳәынҭқарратә Думахь иалырхыз аполитикатә партиқәа рнапхгаҩцәа алархәны, аусураҟны ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит, абжьгарақәа риҭеит.
АҞӘА, цәыббра 25 - Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин Аҳәынҭқарратә Дума ааԥхьара ҿыц адепутатцәа рҿаԥхьа нагӡатәыс иҟоу адҵақәа рыӡбахә иҳәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Урҭ рыбжьара:
  • аӷарра армаҷӡара
  • заагарҭа маҷу аҭаацәарақәа рынхашьа, рыҿиара, рҵара, рыкрыфара аиӷьтәра
  • ҳаамҭа иақәшәо аҵараиуреи агәабзиарахьчареи рыҩаӡара аҳаракреи изҭаху иоуртә аҟаҵареи
  • аекономика аструктураҟны ицо аиҭакрақәа рыцҵара атехнологиа ҳаракқәа рхархәарала. 
Аҳәынҭдумахь инеиз апартиақәа рхаҭарнакцәа рԥылараан атәыла ахада ааԥхьара риҭеит алхрақәа рыламҭалаз алхыҩцәа иҟаҳҵоит ҳәа агәра иддыргоз нарыгӡаларц.
XIX съезд партии Единая Россия - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.09.2021
Алхрақәа рылҵшәақәа рыла Аҳәынҭқарратә Думаҿ амандатқәа еихшоуп
Цәыббра 17-19 рзы имҩаԥысыз алхрақәа рылҵшәақәа рыла, ҵаҟатәи апалата иақәшәеит хә-партиак: "Иаку Урыстәыла", КПРФ, "Ииашоу Урыстәыла - Аиаша иадгылоу", ЛДПР, "Ауаа ҿыцқәа".
"1999 шықәсазы имҩаԥысыз алхрақәа рышьҭахь раԥхьаӡа акәны Адумаҿы ԥшь-фракциак иреиҳаны иҟалоит, ари иаанаго алхрақәа демократиала имҩаԥысит, ҳтәылаҿы адемократиа ҿиоит, уи иаанагоит еиуеиԥшым аполитикатә мчқәа рхы аадырԥшыр рылшоит ҳәа", - азгәеиҭеит Путин.
Иара инаҵшьны иҳәеит алхрақәа иаартны, азакәан инақәыршәаны имҩаԥысит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0